Олег Бушев ицхырааразы аукцион хацыркхеит

Анапаҵаҩра
Аҟәа инхо Олег Бушев Бакулев ихьӡ зху москватәи Аинститут аҿы аҽыхәышәтәра даҿуп, иара хымԥада игәы ԥсахтәуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" Олег Бушев ацхыраара иҭаразы агәыҳалалратә аукцион хацнаркит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд ацшьаҭаркыҩ Камма Гоԥиаԥҳа.

"Ҳара ари аҭаацәеи ари аҭагылазашьеи рывсшьа ҳамамызт. Аԥхьанатә цхыраарак ҟаҳҵеит, аха нас еилаҳкааит уи азхоны ишыҟамыз. Олег иан лхәыҷы иԥсҭазаара дазықәԥоит, лыдгыларагьы ахәҭоуп", - лҳәеит Гоԥиаԥҳа.

Аукцион лот заҵәык ауп иамоу–Асида Аҳәԥҳа лнапкымҭа кьанџьа "Клоунесса Анабель". Аханатәтә хәыԥса 10000 мааҭ иҟоуп. Аукцион ашьаҿа – 1000 мааҭ. Аҭира онлаин имҩаԥысуеит, "Кьараз" Instagram Facebook аҿтәи адаҟьақәа рҟны.

Аԥсны инхо Олег Бушев игәы ԥсахтәхеит, аха иара Урыстәыла атәылауаҩра имамызт. Иҟаҵаз ацхыраарала иара анхараз азиншәҟәы иҭан, уи ашьҭахь амедицинатә полис иоуит, иарала хәыда-ԥсада аполиклиникақәа рҟны иахәҭаны иҟоу ацхыраар ирҭалоит.

Уажәшьҭа Олег ИННи СНИЛСи иоуеит. Ари цхыраара дууп. Анализқәа реиҳарак хәыда-ԥсадахоит Олег изы.

19-шықәса зхыҵуа Олег – Аҟәатәи аиндустриалтә коллеџь дастудентуп.

2019 шықәса лаҵарамзазы игәабзиара шьақәҟьеит. Ареспубликатә хәыәшәтырҭаҿы игханы уца ухьуеит ҳәа адиагноз изықәдыргылеит, ииашамкәагьы ихәышәтәра мҩаԥыргон.

Аамҭақәак рышьҭахь ауп ианышьақәдыргыла иара игәы акыр иазҳаны ишыҟаз, дилатационнаиа кардиомиопатиа шимаз.

Иара ара ихәышәтәра залшомызт. Бакулев ихьӡ зху Аинститут аҿы агәаҭара дахыжьын. Уа угәы ԥсахтәуп рҳәеит, аха иара Урыстәыла атәылауаҩра ахьимамыз азы асеиԥш аоперациа аҟаҵара ҟаломызт.

Аҭагылазаашьа адгылара арҭеит усҟантәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа.

Уажәы иара Бакулев ихьӡ зху ахәышәтәырҭаҿы аҽыхәышәтәра даҿуп. Иҭагылазаашьа акыр еиӷьуп. Ус шакәугьы игәы аԥсахра азҵаара макьаназгьы ишықәгылац иқәгылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0