Егры аҳәааҿы аҿкычымазарақәа раԥырҟәҟәаразы апрофилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГрузино-абхазская граница
Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аусԥҟа ҭнажьит аҳәааҟынтә авирустә ҿкычымазарақәа ареспубликахь рааира азыԥхьагәаҭараз апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгазарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Галтәи ареспубликатә хәышәтәырҭа хада аусзуҩцәа рҟынтәи амобилтә ҷаԥшьаратә гәыԥ Егры аӡиас аҳәаала иҭало ауаа аимҳәа рымоу ирымаму агәаҭара иахрыжьуеит, абри атәы еиҭалҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Аҳәаа иахысуа ауаа ршора ршәоит, авирус ҟазшьа змоу чымазарк рыманы агәаанагара ҟалар амобилтә лабораториаҿы афлиуорографиатә гәаҭара рзыҟарҵоит", - лҳәеит Скорик.

Лара лажәақәа рыла заҟаҩы агәаҭара иахысхьоу рзы макьаназ дырра ыҟам. Иҷаԥшьо амедикцәа апрофилактикатә усурақәа мҩаԥыргоит Қырҭтәылантәи иарбанызаалак вирус ҿкык ареспубликахь имиасырц.

Ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра аусԥҟа ҭнажьит аҳәааҟынтә авирустә ҿкычымазарақәа ареспубликахь рааира азыԥхьагәаҭараз апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгазарц.

"Ԥсоутәи аҳәааҟны урыстәылатәи аган ала аусура мҩаԥыргоит Роспетребнадзор акарантинтә маҵзура аусзуҩцәа", - лҳәоит Скорик.

Асанитартә ҳақьым лажәақәа рыла абри аамҭазы Урыстәыла иахьаҵанакуагьы ареспиратортә чмазарақәа ҳаракхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0