Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ имаҵура дамхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апрокуратура хада аппарат хадаҿы амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҭарба имаҵура дамхуп, апрокуратура аусзуҩцәақәа адисциплинартә лахь рыҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Адисциплинартә лахьыҭара мҩаԥгоуп "ауаажәларратә хцәажәара зауз ацәгьоура хьанҭақәа хыхь-хыхьла рыҭҵаареи ахаҿқәа рышьҭазаара аԥкреи урҭ роушьҭреи алзыршаз аӡбамҭақәа рыдкылареи" рыҭҵаара алкаақәа инарықәыршәаны.

Апрокуратура хадаҟны Sputnik акорреспондент иарҳәеит агәаҭарақәа мҩаԥысуанаҵы аҭагылазаашьа ахцәажәара шарымҭо, адисциплинартә лахь зҭоу русзуҩцәагьы рыжәлақәа шырымҳәо.

Адгәыр Агрба Аԥсны апрокурор хадас дҟаҵан 2019 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Стрельба напротив ресторана Сан-Ремо - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит ԥхынҷкәын 2 рзы Аҟәа имҩаԥысуаз амитинг аҿы еизаз рхаҭарнак Ахра Аҩӡба.

Абри аҭагылазаашьа инамаданы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥигаз аилацәажәара ашьҭахь Гарри Аршба имаҵура дамхын, иара убас уи актәи ихаҭыԥуаҩ Казбек Кишмахов. Анаҩс Апарламент ахь инашьҭын Апрокурор хада имаҵура иамхразы ажәалагала. Абасала рмаҵурақәа ирымырхит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Апрокурор хада Зураб Ачба, уи ихаҭыԥуаҩ Ешсоу Какалиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа аҿагыларатә акциақәа рзы аусҭҵаарақәа ирҿуп
  • Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарафара ҭнаҵаауеит

     

Ажәабжьқәа зегьы
0