Асы иҭаланаҳәаз: аӡиа Риҵа аҵаа хшәылеит

Анапаҵаҩра
Риҵа акәша-мыкәша асоура ишаҿыц иаҿуп, аӡиа ахаҭа аҵаа хылеит. Ари аҩыза аԥсабаратә цәырҵра абжьааԥны иуԥылом.

Аӡиа Риҵа шамахамзар аҵаа хшәылаӡом. Аха арҭ амшқәа рзы ааигәа иҳамбацыз ахҭыс лабҿабахеит. Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи рзы уи џьашьахәуп, убри азоуп аӡынра Риҵатәи амилаҭтә парк ахь зегьы рымҩа зхоу.

Риҵа метрак иназынаԥшуа асы аухьеит. Амилаҭтә парк ахь амҩа аартуп, аха аӡиаҟынӡа ахалара зылшо амашьына ҳаракқәа роуп. Амашьына лаҟәқәа Аӡиа иаҵәаҟынӡоуп иахьнеиуа.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Кавказ ашьхеибаркыра аладатәи аган ахь Аԥсны ашьхараҟны ишьҭоуп, аӡиасқәа Иаӷьеи Ԥшыцеи рыбжьара. Уи аԥҵан 1996 шықәсазы Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны. Апарк аҵакыра 39 нызқь гектар инаӡоит. Уи ақәыԥшылара амшын инахыкны 100 метрак инадыркны 3256 метра рҟынӡа инаӡоит. Араатәи аҳауа даҽаџьара иуԥымло аҵиаақәеи аԥстәқәеи реизҳаразы аҭагылазаашьа аԥнаҵоит.

Ашьхараҿы зегь иреиҵоу аҳауа атемпература лаҟәуеит -30°С рҟынӡа, зегьы ианреиҳаха - +32°С. Ашықәсбжьаратә лышәшәақәа 1650 мм рҟынӡа инаӡоит. Ауадҳара асы 5-6 метра рҟынӡа ишьҭалоит. Иахьыҳаракӡоу ашьхараҿы асы шықәсынаҟьак иахьзымӡыҭуа аҭыԥқәа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0