Афедералтә шьҭазаара змаз ахаҵа Аԥсны аҳәааҿы дааныркылеит

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаҵа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә Урыстәылатәи Афедерациахь имҩа хан. Даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер".

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. 1974 шықәса рзы ииз, Урыстәыла атәылауаҩ, Афедералтә шьҭазаара змоу ахаҿы аԥсуа-аурыс ҳәаа данахысуаз даанкылан. Абри атәы аанацҳаит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Иаанкыло ахаҿы ашьҭазаара мҩаԥызгоз аган дрыҭоуп.

Апассаџьыртәи атранспорт аҳәаа рахысра еизҳацыԥхьаӡа ирацәахоит закәаншьаҭда аҳәаа ахысра зҽазызшәо рхыԥхьаӡарагьы ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

2019 шықәса рыҩныҵҟа Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит 180 рҟынӡа хаҿы – афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0