Мыд ихәыц злашәаз: ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионати Ахраҿеи мҩаԥырымгар ҟалоит

© Фото : Peter Glaserашьапылампыл
ашьапылампыл  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионати Аԥсны Ахраҿеи мҩаԥгахо имҩаԥымгахо, афинанстә уадаҩрақәа рзыӡбоу ирзымӡбоу уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҟны.

Изаамҭанытәиу XXVII Аԥсны ачемпионати Ахраҿеи хацыркхар акәын 2019 шықәса цәыббрамзазы, аха 2020 шықәса ааԥынрахь ииаган аклубқәа рфинанстә проблемақәа ирхырҟьаны.

Sputnik

Иҟалома ашьапылампыл

Изаамҭанытәу Аԥсны ачемпионати Ахраҿеи хацыркхар акәын иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамзазы иахьымҩаԥырымгаз ахҟьеит аклубқәа рфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ азы. Ишәгәалаҳаршәоит XXVI Аԥсны ачемпионат ишалахәыз акомандақәа фба – "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа", "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо" Аҟәа.

Акомандақәа "Афон", "Самырзаҟан" рфинанстә проблемақәа ирхырҟьаны ачемпионат изалахәхомызт, арҭ рҩызцәа аҭагылазашьақәа рҟны ачемпионат амҩаԥгарагьы алшомызт.

Аибашьра аанаҵәазар, ашьапылампыл ауадаҩрақәа амоуп, аха раԥхьаӡа акәны ачемпионати Ахраҿеи раамҭа иахыган. Аклубқәа реиҳарак аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара роуам. Урҭ ирылшо злаҟарҵо аспонсортә дгыларалоуп.

Ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" ахада Геннади Ҵнариа иажәақәа рыла, ирацәаҩуп ашьапылапыласыҩцәа қәыԥшцәа рахьтә аспорт аанзыжьуа. Иара иазгәеиҭеит аспонсортә цхыраара шазымхо. Ус шакәугьы, апроблемақәа ӡбахап ҳәа дгәыӷуеит.

Шамиль Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аӡынба: ашьапылампыл зауадым, иахҭнуҵаз аԥара гьежьӡом, аха еиҳау алагала ҟанаҵоит

Аҳҭнықалақь акоманда "Динамо" – атәыла Ахраҿа ахалархәра иақәшаҳаҭуп, иара мҩаԥгахар.

"Динамо" аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Аҳәынҭқарратә цхыраара ҳамам, аха ҳҩызцәа-ҳақәлацәа адгылара ҳарҭоит", - иҳәоит аклуб ахада Асҭамыр Адлеиба.

Аклубқәа рыхәҭак аԥаразоужьра рзыҟарҵоит араионқәа, аха араҟагьы аҭагылазаашьа мариам. Шықәсқәак раԥхьа ачемпионат иалҵит акомандақәа "Шахтиор" (Тҟәарчал), "Спартак" (Гәылрыԥшь). Изыхҟьаз – араионқәа аԥара рымамзаароуп. Абри аҩыза апроблема аиуит ииасыз ашықәс азы афонтәи акомандагьы.

"Афон" азыҟаҵаҩ Армен Капикиан Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит аԥаразоужьра еиҭахацыркхар, акоманда аицлабрақәа ишрылахәхо.

Акоманда "Гагра" аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра аиуеит, проблема амаӡам. Азыҟаҵаҩ Ҭамаз Еныкь иҳәеит аицлабрақәа ишырзыхиоу.

Акомандақәа рҿадагьы апроблемақәа ыҟоуп

Аԥаразоужьра адагьы апроблемақәа ыҟоуп аӡбаратә корпус аганахьала. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аилак ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Михаил Пиканин иҳәеит:

Мяч на поле во время чемпионата по футболу ConIFA - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда ConIFA аҟны иқәгылаӡом

"Аныхратә харџьынҵақәа шьақәҳаргылеит. Актәи ачемпионат ԥшь-еикәшаракны ф-командак алахәхоит, аҩбатәи – х-еикәшаракны ф-командак алахәхоит. Арахь иаҵаҳаркит ахәыҷтәы-қәыԥштә лигагьы", - ҳәа.

2020 шықәса рзы ҩ-миллионк рҟынӡа аԥара азоужьхоит ачемпионати Алигеи рымҩаԥгара.

"Ааԥынразы атәыла ачемпионати Ахраҿеи мҩаԥгахар ҟалоит ҳәа ҳгәыӷыргьы ҟалоит, аха иҟоуп даҽа проблемакгьы - аӡбаҩцәа рыҟамзаара. Аицлабрақәа ҟалар, урҭ Урыстәылантәи рааԥхьара ҳақәшәоит", - иҳәеит Пиканин.

Иара иажәақәа рыла, Ачемпионат ҟало иҟамло ҳәа азҵаара ықәыргалазар ҟалаӡом. Уи есымшагьы имҩаԥгалатәуп. Уи апроблема аҭыԥ ақәҵаразы аплан шьақәыргыланы, иқәныҟәатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0