Анри Аршба Санкт-Петербург абокс азы атурнир аҟны аиааира игеит

© Foto / Анри Аршба Анри Аршба Санкт-Петербург абокс азы атурнир аҟны аиааира игеит
Анри Аршба Санкт-Петербург абокс азы атурнир аҟны аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа спортсмен Анри Аршба дызлахәыз Урыстәыла акоманда Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы азеиԥшкомандатә ԥыжәаратә ҭыԥ ааннакылеит.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Анри Аршба Санкт-Петербург аиааира игеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ, Аԥсны абокс азы Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы.

"Анри Урыстәылатәи акоманда далахәны Белоруссиатәи аспортсмен Коробков Богдан дииааит", - иҳәеит иара.

Аԥсуа спортсмен Анри Аршба дызлахәыз урыстәылатәи акоманда Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы азеиԥшкомандатә ԥыжәаратә ҭыԥ ааннакылеит.

Жәларбжьаратәи атурнир Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра иазкын. Имҩаԥысуан жәабран 19 - 23 рзы. Иара иалахәын Урыстәыла, Белоруссиа, Узбекистан рыспортсменцәа.

Анри Аршба 57 кьыла зкапануа дрылахәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0