Аҟәатәи ашахматтә турнир аҿы иаиааиз рыхьӡқәа рҳәеит

CC0 / / Шахматы
Шахматы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" анапхгаҩы иажәақәа рыла, абри аҩыза атурнир есышықәса имҩаԥыргалоит.

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аҟәа ихдыркәшеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш иазкны имҩаԥгаз ашахматтә турнир аихшьалақәа рыҟаҵара. Аицлабрақәа ирылахәын Аԥсни Урыстәылеи рымчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ААУ астудентцәа, аҟәатәи ашколқәа №1, №10, №11 рҵаҩцәа.

Атурнир аҟны аиааира агеит Аҟәа ақалақь акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ – абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база акоманда. Ахԥатәи – аҟәатәи абжьаратә школ №1. Ашколхәыҷқәа рыбжьара иреиӷьу алҵшәақәа ааирԥшит Аскар Аџьынџьал (ашкол №10), аветеранцәа рыбжьара - Борис Наҟоԥиа.

Зегьы иранашьан ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, агәалашәаратә ҳамҭақәа.

Атурнир еиҿыркааит: "Россотрудничество", Аԥсны Ашахмат азы афедерациа.

Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" анапхгаҩы Вадим Чеха иҳәеит абри аҩыза атурнир есышықәса ишымҩаԥыргало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0