Бганба араионқәа рхадацәа иргәалаиршәеит алхратә процесс рхы аладмырхәырц

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВалерий Бганба
Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәыла ахада иалхрақәа инарыдҳәаланы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын ахада Иусбарҭеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәеи рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәыла ахада иалхрақәа инарыдҳәаланы аҽазыҟаҵарақәа шцо азы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын ахада Иусбарҭеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәеи рхаҭарнакцәа.

Бганба араионқәа рхадацәа иргәалаиршәеит алхратә процесс рхы аладмырхәырц.

Стамбул  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: Ҭырқәтәыла алхырҭатә ҭыԥ аартхом

Дара рнапы ианҵоуп алхрақәа рымш аҽны ауаажәларратә транспорт еиԥымҟьарада аныҟәара аиҿкаара, уаанӡа акандидатцәеи алхыҩцәеи реиԥыларақәа реиҿкаара.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иҳәеит уажәы АКХ алхратә ҭыԥқәа рҿы ауадақәа реиқәыршәара ишаҿу.

Иара иҳәеит АКХ иахәҭаны иҟоу аинвентарь ала еиқәыршәоуп.

Гогьиа иажәақәа рыла аҳәынҭқарратә телеканал ақәшаҳаҭуп хәыдаԥсадатәи аефиртә аамҭа аҭара.

Аилацәажәара хыркәшо Бганба иҳәеит хара имгакәа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигараны дшыҟоу.

Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы. Ахадаси ахада ихаҭыԥуаҩыси ркандидатурақәа ықәгылоуп: Адгур Арӡынба - Арда Ашәба, Аслан Бжьаниа - Бадра Гунба, Леонид Ӡаԥшьба -Виктора Ҳашба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0