Аԥсны АҶА: Кәыдрытәи аҩхаахь уназго атоннель арктәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АҶА: Кәыдрытәи аҩхаахь уназго атоннель арктәуп
Аԥсны АҶА: Кәыдрытәи аҩхаахь уназго атоннель арктәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аҩхаахь узго атоннель ахәҭак бгахьан ахәаша, хәажәкыра 6 рзы. Хәажәкыра 9 рзы иахьыбгаз амҽхак иацлеит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашәахьа, хәажәкыра 9 рзы Кәыдрытәи аҩхааҿы амҩеи атоннель ахаҭеи рҭагылазаашьа агәаҭаразы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ари аҭыԥ ахь днеит. Абри ашьҭахь Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь аҳәара ҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп атоннель аркызарц ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистр Лев Кәыҵниа.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аҩхааи еимаздо атоннель ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит уи аҭӡы еиҟәшьшьеижьҭеи. Уажәы, хәажәкыра 6 рзы ахәҭак еилаҳаит.

Ашәахьа, хәажәкыра 9 рзы Кәыдрытәи аҩхааҿы амҩеи атоннель ахаҭеи рҭагылазаашьа агәаҭаразы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ари аҭыԥ ахь днеит.

"Атоннель ахәҭак ахәаша ауха ибгахьан. Ари аҭыԥ аԥхьанатә уавсыртә иҟан, аха атоннель иҵегьы абгара иацнаҵеит. Кәыдрытәи аҩхааи уа иҟоу ақыҭақәеи рахь анеира залыршахом, даҽа мҩак злаҟам ала. Ус шакәугьы, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь аҳәара ҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп атоннель аркызарц", - ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аҩхааи еимаздо атоннель ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит уи аҭӡы еиҟәшьшьеижьҭеи, уижьҭеи уи аҭагылазаашьа шәарҭан.

Атоннель бгар алшоит ҳәа ашәарҭара цәырҵит иара убасҟан, аха ари азҵаара аӡбара иагьаламгацызт. Усҟангьы аспециалистцәа атоннель арктәуп ҳәа рҳәахьан, аха ари амҩа ада даҽа мҩак злаҟамыз ала, уи аркра залмыршахеит.

Ааԥхьара зырҭаз уралтәи аспециалистцәа аекспертиза аныҟарҵа ашьҭахь, иазгәарҭеит атоннель акапиталтә ремонт аҟаҵаразы амҩанысра зынӡа иаанкылатәхар шакәхо, иагьақәхарџьтәхоит 240 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0