Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз

© SputnikАԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз
Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа адәныҟантәи ицәеижь шҳамыркын ҳәа ирҳәоз шьақәдмырӷәӷәеит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭа иҭашәара афакт ала имҩаԥыргаз апроцессуалтә гәаҭара алҵшәақәа.

Ишаарыцҳауа ала, Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәеи дареи реиныррала иразҵаан Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны хәажәкыра 2, 2020 шықәсазы дахьҭашәаз Шәача ақалақьтә хәышәтәырҭеи анаҩс астационартә хәышәтәра ихыгаразы дахьиагаз Краснодар ақалақь Атәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭа №1-и рҳақьымцәа ааҩык.

"Зыӡбахә ҳәоу амедицинатә усбарҭақәа рмедицинатә усзуҩцәа ражәақәа рыла, абри аамҭазы ирымоу алабораториатә дыррақәа шьаҭас иҟаҵаны, Бжьаниа ицәеижь аҟны адәнынтәи ашҳамыркра ашьҭамҭа ыҟам ҳәа азгәарҭоит. Игәабзиара уажәтәи аҭагылазаашьа зыхҟьаз идикылаз ахәшә ишакәым иԥырхагахеит ауп", - ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Хыхь зыӡбахә ҳәаз амедициантә усбарҭақәа рҟынтәи "астанционартә чымазаҩ Бжьаниа имедицинатә документациа иршаҳаҭу рыхкьыԥхьаақәа, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы уи имедицинатә картаҟынтәи алҩааратә епикриз" ҳауит ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҟны.

Бжьаниа Аԥсныҟа данаауа арыцхә рҳәеит иалхратә штаб аҟны - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсныҟа данаауа арыцхә рҳәеит иалхратә штаб аҟны

"Ацәгьоура аҭыԥ амазар алшоит ҳәа ироуз адырра ашьҭахь ишьақәдыргылеит аклиникатә диагноз хада "Ҩ-ганктәи аполисегментартә аспирациатә гәыҵәкра, ачымазара хьанҭаны ихигоит", - аҳәоит Апрокуратура хада адырраҭара.

Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы ахәышәтәырҭа иҭашәара афакт азы агәаҭарақәа рымҩаԥгара зыдҵаз ашьаусҭҵааратә гәыԥ аԥҵан хәажәкыра 2 рзы. 

Хәажәкыра 3 инаркны 7-нӡа Апрокуратура хада Ашьаусҭҵааратә усбарҭа аусзуҩцәа Урыстәылаҟа, ҷыдала иуҳәозар Шәачеи (Адлер) Краснодари ақалақьқәа рахь, ишьҭын аусураныҟәара ҳәа.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Апрокуратура хада жәларбжьаратәи азинтә ҟәшахьы "инашьҭын азинтә цхыраара ҟарҵаразы иаҭахыз азыҳәа, уи анаҩсан иагьынагӡан" ҳәа азгәарҭеит Апрокуратура хадаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0