Асоциалтә платформа "Аԥсны агәадура" шьаҭаркхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын аԥшаҳәа
Амшын аԥшаҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә платформа "Аԥсны агәадура" ашьаҭаркратә еизара ду аҟны ирылаҳәахоит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыразра ацҳаражәҳәаҩцәа" аилазаара ҿыц. Аҿар реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" адагьы аусура иалагоит апроектқәа ҩба.

АҞӘА, хәажәкыра 11– Sputnik. Асоциалтә платформа "Аԥсны агәадура" ашьаҭаркратә еизара ду мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, хәажәкыра 18 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Генрих Ҭыжәба.

Аиҿкаара имҩаԥнагалоит аҿар рпроблемақәа рыӡбраҿ ацхыраараҟаҵара. Иахьазы иалкаауп х-хырхарҭак.

Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит аицлабра Аԥсны агәадура амҩаԥгаразы - Sputnik Аҧсны
Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит аицлабра "Аԥсны агәадура" амҩаԥгаразы

"Аплатформақәа аԥҵахоит есышықәса анапхгаҩцәа ҿарацәа реиндаҭларақәа мҩаԥысларц, ААУ аҟны анаплакыҩцәа ҿарацәа рышкол аԥҵахарц, иара убасгьы, аҟыбаҩ бзиа аазырԥшуа аҿар рԥышәа аизырҳаразы Москваҟа иҳашьҭлоит", - иҳәеит Ҭыжәба.

Анаплакыҩцәа ҿарацәа рышкол аԥҵара иазыԥхьагәанаҭоит урыстәылатәи абизнесуаа рааԥхьара – аԥышәа аимдаразы ҳәа иҳәоит иара.

"Уи аҩыза аԥышәа ыҟоуп. Ари азҵаара ҷыдала хылаԥшра аиҭалоит Инал Арӡынба. Рԥышәа аизырҳара мҩаԥыслоит анагӡаратә мчреи азакәанԥҵаратә мчреи рфедералтә усбарҭақәа рҿы", - иҳәоит Ҭыжәба.

Аҿар реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2 рзы. Егьырҭ аҩ-проектк ашықәс аҩныҵҟа ихацыркхоит.

Асоциалтә платформа "Аԥсны агәадура" ашьаҭаркратә еизара ду аҟны ирылаҳәахоит агәыҳалалратә еиҿкаара "Аԥсны агәыразра ацҳаражәҳәаҩцәа" аилазаара ҿыц.

Ажәабжьқәа зегьы
0