Жәлар реизара адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа аларгалеит

© Sputnik Томас ТхайцукНародное собрание Республики Абхазия
Народное собрание Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа гәыԥҩык жәамш инарзынаԥшуа амлашьратә акциа мҩаԥыргон жәабранмзазы ирыдыркылаз азакәан ариашарақәа аларгаларц азы адепутатцәа рахь адҵа ҟаҵо.

АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа аларгалеит иахьа, хәажәкыра 12 рзы. Абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Голодовку объявили сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Жәлар реизара адепутатцәа гәыԥҩыки имлашьуази еиԥылеит

Апарламентарицәа рыӡыбрала ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/ зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа рхашәалақәа ашәҟәы иҭаргалалароуп.

Уажәшьҭарнахыс ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы.

Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Иара убас ардырра иаҵанакуеит:

  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу еиҭамҵуа амазара аобиект ахьыҟоу аҭыԥ;
  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу абанктә ԥхьаӡарақәа рномерқәа;
  • Адекларанти иҭаацәеи ирымоу хәызмоу аметаллқәеи/ма хәызмоу ахаҳәқәеи ирылху аалыҵқәа, аҟазаратә рҿиара иатәу аколлекциақәа, анумизматика, афилателиа, абџьар
  • Адекларант инапынҵамҭа.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы иӡыргахоит ачынуаа ашықәстәи рхашәалеиԥш абанктә ԥхьаӡарақәа рҿы ирызҭо аԥарақәа.

Аҵакы змоу лагаланы иҟалеит ачынуаҩ иеиҭашьақәыргылара азин ыҟамкәа имаҵзура иамхра аԥаршеи дыррақәа рыдигалазар.

"Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуеит официалла ианкьыԥхьха ашьҭахь.

2020 шықәса хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Амлашьра мҩаԥыргон: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Дара дҵаны иқәдыргылон Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп.

Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0