"Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ариашарақәа алагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ариашарақәа алагалоуп
Аԥсны ахада иалхразы азакәан ариашарақәа алагалоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит ахада иеиҭалхрақәа. Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылоуп: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны апарламент "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 16 ариашарақәа аланагалеит.

"Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 16 ахԥатәи ахәҭа харҭәаазааит абри аҩыза аҵакы змоу аԥшьбатәи ахәҭала: "Алхразы абиуллетень аҟны акандидатцәа реиқәыԥхьаӡа анҵәамҭаҿы иарбахоит ацәаҳәа "Зегьы сырҿагылоит" зганаҟны абжьыҭаразы аҭыԥ арбоу. Аԥшьбатәии ахәбатәии ахәҭақәа ахәбатәии афбатәии ҳәа иԥхьаӡазааит".

Апарламент аҿы ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит ари ариашара аҭахханы изыҟоу ииасыз алхрақәа раан иара закәаншьаҭала акәымкәа АКХ аӡбрала абиуллетень ишалагалаз.

Убри аан АКХ напхгаганы иагон азакәан ахәҭаҷқәа 17, 18. Ахәҭаҷ 16 аҿы аграфа "Зегьы сырҿагылоит" арбамызт.

Жәабранмзазы адепутатцәа алацәажәон "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 адкылашьа аҭышәныртәалара.

Усҟан апарламентари Илиа Гәниа иазиԥхьаӡоит алхрақәа аҩбатәи ртур аҿгьы актәи атур аан еиԥш аиааира игароуп 50%+1 бжьы зауз акандидат ҳәа. Убри аан зегьы ирҿагылаз рыбжьқәа аӡәгьы итәымхароуп.

Адепутат Валери Агрба ажәадгала ҟаиҵеит 19-тәи ахәҭаҷ ԥсахзарц, аиааиҩы бжьеиҳала далыркаартә еиԥш.

Ажәадгалақәа рыҩбагь рыдрымкылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0