Аҟазшьақәа зегьы рыԥсы рхазҵоз: Аԥсны жәлар рартист Хәыта Џьапуа игәалашәаразы

Анапаҵаҩра
Иахьа, хәажәкыра 14 рзы 90 шықәса ҵит Аԥсны Жәлар рартист Хәыта Џьапуа диижьҭеи. Аҟаза ду иԥсҭазаареи уи иҩызцәа ргәалашәараҿы дшынхази ртәы Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дарбан аԥсыуоу изгәаламшәо асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама"? Хаҭала исхамшҭуа схы-сгәаҿы иаанхеит сқыҭа Џьгьарда ианықәдыргылоз, шаҟа ҳгәы хыҭхыҭуа актиорцәа раара ҳазыԥшыз, шаҟа гәырӷьареи ччареи ҳамҭас иҳаҭаны ианцоз аамҭа. Ахәаԥшцәа зыҩнатәаз азал акәзар, унацәа узавамҵо иҭәын.

"Чарирама" иалахәыз, Аԥсны Жәлар рартист, акультуреи аҟазареи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, атеатртә режиссиор Џьапуа Хәыта Франкьыл-иԥа атеатр ԥсҭазаарас иман. Ԥсабарала илаз абаҩхатәра иабзоураны асцена ирцәажәон, ахәаԥшцәа ракәзар, дызлахәыз ақәыргыламҭақәа шьахәла ирыдыркылон, ижәлар рыбзиабара даԥсахахьан, рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьаран. Урҭ аҟазшьақәа зегьы аԥсы рхаҵаны, ахатә гьама рыҭаны, лафла дазнеины ахәаԥшцәа ирыдигалон.

Николай Чкуан - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чқәан: ауаҩы дмыччар, еиԥш рыцҳа дыҟаӡам

Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр актиор Нури Џьынџьал гәыблыла дигәалаиршәоит аҟаза ду, аамҭаказы асценаҿы зыцыхәмарра иаԥсахахьаз.

"Хәыта Џьапуа дахьыхәмаруаз аспектакльқәа схәыҷаахыс азҿлымҳара рысҭон, избахьан. Аха, убас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалеит, иареи сареи сценак аҟны ҳаицыхәмарыртә еиԥш. Аԥсны Аџьыньтәылатә еибашьра ашьҭахь, Амиран Ҭаниа еиҿкааны иман "Чарирама". Ишиашоу ицоз аефир ала дықәгыланы ҽнак иазгәеиҭеит "Чарирама" ҿыц аиҿкаара шиҭахыз. Адырҩаҽныҵәҟьа Амиран Ҭаниа дызбеит Аҟәа ақалақь аҿы, иасҳәеит асахьаҭыхра аганахьала сахьиҭаххо акрыҟазар ихы саирхәарц", - ҳәа азгәеиҭоит Нури Џьынџьал.

Амиран Ҭаниа Нури Џьынџьал иҟаиҵаз алагала дақәшаҳаҭхеит, асахьаҭыхра инаҷыданы идыргалаз арольқәагьы ҟалеит, аусеицура нап еицадыркит.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьоу: Софа Агәмааԥҳа 80 шықәса лхыҵит

"Аус ахьыруаз саннеи, сыԥшызар, Хәыта Џьапуа, Чынчор Џьениа, Николаи Чқәан, Амиран Ҭаниа еидтәалоуп. "Абар, даҽа артисткгьы дышәзаазгеит", - иҳәеит Амиран саниба. Убри нахыс ҳаизааигәахеит Хәытеи сареи, иара убас еицыхәмаруаз аҷкәынцәеи саргьы. "Чарирама" еиҿаҳкааит, ақыҭақәа рахь ҳцон, апрограмма сааҭк инҭагӡаны иҳаман. Хаҭала, Хәытеи сареи ҳаицыхәмарит Шьоҭа Ҷкадуа иҩымҭала "Заал исасцәа", Амиран Гамгьиа иҭиххьан, иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны, усҟан Акультура аҩныс иҟан. Ашәаџьҳәаҩ ироль даараӡа ибзианы дыхәмархьан Хәыта Џьапуа, иарбанзаалак иааихәмаруаз зегьы инаалон", - иҳәеит Џьынџьал.

Аԥсҭазаара ицәырнагоз ахҭысқәа шьала-дала идкыланы, инарҵауланы иҭҵааны, ишәаны-изаны хшыҩҵарыла дрызнеиуан. Иара ирҿиара зегьы гәыцәс иамаз иԥсадгьыли ижәлари рыбзиабара акәын.

Агәмаа: Амиран Ҭаниа иҟамзаара атеатртә ԥсҭазаара ианыԥшуеит

Хәыта Џьапуа аԥсҭазаара ганрацәала дазнеиуан, дхәыҷаахыс атеатр ахь имаз абзиабара иабзоураны данеизҳа дҭалоит атеатралтә институт арежиссиортә факультет. Аҵара аниҵоз аамҭазы иқәыргыламҭақәа арҵаҩратә еилазаара акыр ахә ҳаракны иршьон. 1963 шықәса рзы аинститут даналга, дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппа далалоит. Зҟазара ҳаракыз актиор амилаҭтә иумори асатиреи рышьақәыргылараҿы акыр илша рацәоуп. Иара убри аамҭазы ажурналистика аганахьалагьы ихы ааирԥшуан, 20 шықәса инареиҳаны агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы аус иухьан.

Акиностудиа "Аԥсуа фильм" асахьаркыратә напхгаҩы, акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиеи Хәыта Џьапуеи акыр аус еицырухьан, еиҩызцәан, еиҭынхацәан.

Шәарах Ԥачалиа - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп

"Қарҭ аҵара салганы санаа, Хәыта дрежиссиорын, атеатр аҟны аспектакльқәа ықәиргылахьан. Иара иқәыргыламҭақәа рҟны имаҷымкәа арольқәа наҳагӡахьан, ихаҭагьы дыхәмаруан. Ҳәара аҭахума, дактиор дуун Хәыта Џьапуа", - ҳәа азгәеиҭоит акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа. 

Иара убасгьы игәалаиршәеит афильм "Напыхьараџь" аҭыхраан Хәыҭа Франкьыл-иԥа ихы шааирԥшуаз атәы.

"Сара афильм аҭыхра саналага,  "Напыхьараџь" ароль хада анагӡарахь даасыԥхьеит. Ԥшьымз ҳаҿын аҭыхра, даара адисциплина бзиа иманы, асааҭ еиԥш акәын аус шиуаз, игәы-иԥсы зегьы аиҭон инапы злакыз аус. Афильм данадсыԥхьала ҩнуҵҟала иҽеидикылеит, игәалаҟазаарагьы бзиахеит",-иҳәоит Аблоҭиа.

Хәыта Џьапуа асценаҿы дрыцыхәмаруан еицырдыруаз, збаҩхатәра ҳаракыз актиорцәа. Иаҳҳәозар, Амиран Ҭаниа, Мажара Зыхәба, Сергеи Сақаниа, Виачеслав Аблоҭиа, Чынчор Џьениа уҳәа.

"Хәыта Џьапуа асцена данаақәлалак, ахәаԥшҩы егьа игәалаҟазаара ыҟамзаргьы, ишьҭымҵыр алшомызт. Иара инаалашьа бзиан, иуаҩышьа бзиан, ахәыҷы инаркны аду иҟынӡа ихы наигон. Хәыта ддуун сара сзы, сара иара иаҟара сабаҟаз? Аха ҳахьеицыз убас еиԥш ихы мҩаԥигон, иара сиаҟароушәа сыԥхьаӡаны, пату сықәиҵон, даара дактиор дуӡӡан. Иахьа дахьҳацым даара сгәы иалоуп. "Ах, Хәыта дыҟазҭгьы, ах, Хәыта дҳацызҭгьы" ҳәа шаҟантә исҳәахьоузеи?" - дҳацәажәон Нури Џьынџьал.

Хәыта Франкьыл-иԥа Џьапуа қәҿиарала аус иуан Аԥснытәи адраматә театр аҿы режиссиор хадас. Иара иқәыргыламҭақәа ахәаԥшцәа хнамхырц  рылшомызт: "Ахьтәы мҩахәасҭа", "Анцәа Саваоф", "Амра аҭашәамҭаз", "Ишьаарҵәыроу ачара" уҳәа убас иҵегьы. Иара инапы иҵиххьоу аспектакльқәа ракәзар, хымԥада, аԥсуа театр арежиссиортә ҟазара акыр иарбеиеит.

"Иҿаԥхьа иқәгылаз ихықәкы еснагь инаигӡон, шәыга рацәала дазнеиуан. "Иԥшьоу аныха асаркьал" аҟны аныхаԥааҩ ироль наигӡон, уаҟа атрагедиатә ҟазшьа зныԥшуаз ахҭысқәа ыҟан, ибзианы дыхәмарит, уаҟа алаф аҭыԥ амамызт", - иҳәоит акинорежиссиор.

Режиссер Вячеслав Аблотия на церемонии вручения наград лауреатам премии им. Дмитрий Гуля в администрации президента - Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа схы агәабзиара азеиӷьасшьоит, агәамч соур- "сцәаӷәалоит"

Хәыта Џьапуа иҟазара иузаҟәымҭхо иадҳәалан акинематографиа. Иара илиршеит еиуеиԥшымыз арольқәа рынагӡара, урҭ зегьы ганрацәала еиларсыз аҟазшьақәа рныԥшуан. Ф.Искандер иҩымҭала "Напыхьараџь", Шь. Аџьынџьал иҩымҭала "Иԥшьоу аныха асаркьал". Акино ахҳәааҟаҵаҩцәа аӡәырҩы, Хәыта Џьапуа асценаҿы ихымҩаԥгареи иҟазшьа аҷыдарақәеи Ростислав Плиатт ихәмарра аҷыдарақәа ирыдыркылон.

"Асценахь ақәлара сзырҵаз Мераб Ҷыҭанаа инаҩс, ԥсҭазаарас исымаз Хәыта Џьапуа, Амиран Ҭаниа, Чынчор Џьениа реиԥш иҟаз ауаа ракәын. Урҭ рыцыхәмарра, рывагылара Анцәа иахьсаҭәеишьаз ҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит", - ҳәа азгәеиҭоит Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр  актиор Нури Џьынџьал.

"Аибашьра ашьҭахь аусура иманы дыҟазҭгьы, иҟаларын иахьанӡагьы иԥсы ҭазҭгьы. Ауаҩы аусура гәхьааиго, аус изымуа даныҟалалак, даара ицәгьоуп, еиҳарак аҟазараҿы аус зуа. Хәытеи сареи даара пату еиқәаҳҵон, ҳусеицура маншәалан", - иҳәоит Виачеслав Аблоҭиа.

Хәыта Џьапуа, аԥсуа театри акинои дырхаҿсахьаны наунагӡа ҳажәлар рхы-ргәаҿы даанхоит. Инаигӡоз арольқәа, иааирԥшуаз ахаҿсахьақәа ахааназгьы рыԥсы ҭазаауеит, есииуа ирыциуеит. Иҟазареи иуаҩреи  узеиҟәымҭхо еиларсын. Еицамкра зқәыз иџьабааи, атеатралтә ҟазараҿы илагалеи азгәаҭаны Хәыта Франкьыл-иԥа Џьапуа ихҵоуп ахьӡ ҳаракы "Аԥсны Аҳәынтқарра Жәлар рартист", ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0