Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Краснодартәи атәылаҿацәтә хәышәтәырҭа дҭырҩааит хәажәкыра 11 рзы, анаҩс иара Москваҟа дцеит уа аиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа атәылахь дхынҳәит асабша, хәажәкыра 14 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аштаб ахаҭарнак Алхас Ҷолокәуа.

"Уажәы иара Аԥсны дыҟоуп, ихы бзианы ибоит. Москва аиԥыларақәа акымкәа-ҩбамкәа имҩаԥигеит. Уажәшьҭа алхратә кампаниа иациҵоит", - иҳәеит Ҷолокәуа.

Аслан Бжьаниа иалхратә кампаниа аанкылан хәажәкыра 2 рзы уи иаалырҟьаны игәабзиара анышьақәҟьа ашьҭахь, Шәачатәи ахәышәтәшырҭақәа руак данҭашәа. Уи амедикаментозтә кома далагаланы Краснодарҟа диаган асанитартә авиациа иатәу авертолиот ала. Уа диагнозс изықәдыргылеит ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апрокуратура хада ирыланаҳәеит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дызҭашәаз

Хәажәкыра 10 рзы Аԥсны Апрокуратура хада аҳасабырба ҟанаҵеит ахадарахьы акандидат ахәышәтәырҭа дахьҭашәаз мзызс иҟоу аҭҵааразы имҩаԥыргаз аусқәа рзы.

Ишырҳәаз ала, аҳақьымцәа Аԥсны ахадарахьы акандидат ицәеижь аҟны "адәныҟантәи ашҳамтә нырра аазырԥшуа арбагақәа илам" ҳәа. Апрокуратура адыррақәа рыла, Бжьаниа ичымазара "идикылоз ахәшә ахьинымаалаз ауп изыхҟьаз". 

Краснодартәи атәылаҿацәтә хәышәтәырҭа дҭырҩааит хәажәкыра 11 рзы, анаҩс иара Москваҟа дцеит уа аиԥыларақәа рымҩаԥгаразы.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылоуп Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0