Ауаҩра ахәыҷрантәи иалагоит: Пицундатәи Владислав Цариненко ауаа ргәы ширԥшааз

© Foto / Саида ЖибаВладислав Цариненко
Владислав Цариненко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Facebook аҟны аӡәырҩы рдаҟьақәа рҿы иубоит Владислав Цариненко захьӡу Пицундатәи аҷкәын хәыҷы ииԥшааз аԥарақәа иара идимкылакәа, аҭыԥантәи аԥҭекаҿы ишьақәыргылоу акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иатәу "аразра аԥараҭаԥсарҭа" ишҭеиҵаз.

Аҷкәын ихымҩаԥгашьа џьазшьаз аԥҭека аусзуҩ авидео ҭылхит. Уи зԥыхьашәаз Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа илыӡбеит ахәыҷы диԥыланы, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аарԥшра игәазырԥхаз аилкаара.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Сыбла ахыԥшылара изымгәаӷьуа, дыԥхашьаԥхаҵо ихы ларҟәны, сызҵаарақәа рҭак аҵәыуара далагома уҳәо ибжьы ҵысҵысуа арҵаҩы лыцхыраарала рҭак аҟаҵара далагеит Facebook аҿы ицәырҵыз авидео афырхаҵа 11 шықәса зхыҵуа Владислав Цариненко.

Аҷкәын аҵара иҵоит Пицундатәи абжьаратә школ №2 аҟны. Аԥшьбатәи акласс аҵаҩы аԥсшьара аамҭа аан, ашкол аанда авара ҩнызқь мааҭ шкаршәыз ибеит. Иара итәала ацәыӡ зауз дишьҭалеит, аха даниимба, сара изгап ҳәа ихы иҭамшәакәа, икласс анапхгаҩы Алиона Оҭар-иԥҳа Ҷанԥҳа лахь инеигеит.

"Сҩызцәеи сареи ахәмарра ҳшаҿыз аԥара сылаԥш иҵашәеит. Иҩышьҭыхны сыблала сеимдо салагеит аӡәыр ашьҭоума ҳәа. Аха уаҩ данызымба, сыкласс анапхгаҩы лахь исыманы снеит, ишысԥшаазгьы лзеиҭасҳәеит. Лара арҵаҩцәеи, аҵаҩцәеи, ашкол акәша-мыкәша инхози дразҵааит, аԥара рцәыӡма ҳәа. Аха аԥшәма данаҳамба, хымш рышьҭахь Алиона Оҭар-иԥҳа сара шьҭахьла исылҭар лҭаххеит. Сан ианлаҳа, мап лкит, "аԥшәма дшәымбазар, акласс уада иамаҭәахәу акы иахҭнышәҵа" лҳәеит. Нас Алиона Оҭар-иԥҳа дсазҵааит, аԥара ала иааухәар иуҭахи ҳәа. Убасҟан ауп ианыӡбаха "Ашана" ишасҭоз. Сыгәҭакы анынасыгӡа, акласс аҿы напеинҟьарала срыдыркылеит", - еиҭеиҳәоит ахәыҷы.

Владислав икласс анапхгаҩы Алиона Ҷанԥҳа иазгәалҭеит раԥхьа ҩ-вариантк шрыдыргалаз. Актәи - акласс зегьы рзы ахаақәа аахәара, аҩбатәи ус бзиак ахь ашьҭра.

© Foto / Саида ЖибаВладислав Цариненкои ирҵаҩы Алиона Ҷанԥҳаи
Ауаҩра ахәыҷрантәи иалагоит: Пицундатәи Владислав Цариненко ауаа ргәы ширԥшааз - Sputnik Аҧсны
Владислав Цариненкои ирҵаҩы Алиона Ҷанԥҳаи

"Агәыҳалалра иадҳәалаз авариант Владислав иаразнак ихшыҩ азцеит. Аԥҭекаҿы иибахьаз "Ашана" иатәу "аразра аԥараҭаԥсарҭа" иҭасҵоит иҳәеит. Саргьы иааџьасшьан, дсырҽхәеит. Уахь даннеи, аԥҭека аԥшәма илзеиҭеиҳәазаап дзыниаз ахҭыс атәы, насгьы аԥарақәа ахәыҷқәа рыхәшәтәрахь ишьҭырц шиҭаххаз. Владислав ихымҩаԥгашьа згәы арԥшааз, авидео ҭыхны, ахҳәаа ацҵаны аинтернет иҭаргалеит. Уи збаз ақәҿырҭуа иалагеит. Саргьы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аҟнытә аҭел исзасит, сҵаҩы аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьарц шырҭаху. Владислав иааирԥшыз аҿырԥштәы бзиа аӡбахә ахьырҳәо ашкол зегьы агәахәара ду ҳнаҭоит", - инаҵылшьит арҵаҩы.

Ахәыҷы дахьнеиз, Пицундатәи аџьармыкьа иавагылоу аԥҭека аԥшәма Инна Гамсаниаԥҳа лакәымзар, Владислав иӡбахә ҳмаҳакәа иаанхон. Лара аҷкәын игәыҳалалра џьашьаны гәаларшәагас авидео лҩыза иҭылхырц длыҳәеит. Аха абас аинтернет иалаҵәоит ҳәа дыҟамызт.

© Foto / Саида ЖибаВладислав Цариненкои Пицундатәи аԥҭека аԥшәма Инна Гамсаниаԥҳаи
Ауаҩра ахәыҷрантәи иалагоит: Пицундатәи Владислав Цариненко ауаа ргәы ширԥшааз - Sputnik Аҧсны
Владислав Цариненкои Пицундатәи аԥҭека аԥшәма Инна Гамсаниаԥҳаи

"Владислав сгәылара дынхоит. Даара еиқәшәоу, ииашоу аҭаацәара дырхылҵит. Ианду Шушаник Сартлиани сареи ҳаиҩызцәоуп. Иангьы абас аразра лылаҽны ауп дшааӡоу. Аха 11 шықәса зхыҵуа ахәыҷы, аԥара ԥшааны, ихатәы ҭахрақәа ирыхҭнымҵакәа, афонд "Ашана" ахь исшьҭырц сҭахуп аниҳәа, сгәы ԥшааит. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьа аазырԥшыз ахәыҷи сареи ҳшеицәажәо авидео ҭылхырц слыҳәеит аԥҭекаҿы аус зуа аӡӷаб. Анаҩс лыуацәеи лҩызцәеи рахь илышьҭуа далагазаап, "иахьа иҟалаз ахҭыс шәахәаԥш" ҳәа. Убас ҳфырхаҵа иӡбахә шәаҳаит. Иҭабуп ахьақәҿышәҭыз", - ҳәа азгәалҭеит аԥҭека аԥшәма.

© Foto / Саида ЖибаАлиона Ҷанԥҳа, Владислав Цариненко, Инна Гамсаниаԥҳа
Ауаҩра ахәыҷрантәи иалагоит: Пицундатәи Владислав Цариненко ауаа ргәы ширԥшааз - Sputnik Аҧсны
Алиона Ҷанԥҳа, Владислав Цариненко, Инна Гамсаниаԥҳа

Ари авидео хара имгакәа лҭел ахь илзаарышьҭит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Ахылаԥшратә хеилак ахаҭарнак Фатима Шәлымԥҳа. Лара аԥҭека аԥшәма лыҽлымаданы иҭабуп ҳәа лалҳәеит авидеонҵамҭазы. Насгьы илҭаххеит ахәыҷы диабадырырц.

"Хәажәкыра 19 рзы, Аҟәа имҩаԥгахоит акультура-гәыҳаларатә фонд "Ашана" аусура алкаақәа ирызку аизара. Владислав ауаа дырбо, драҳауа иӡбахә сҳәарц сҭаххеит, уахь дганы. Аха иара атранспорт ала хара ацара илымшозаап. Убри аҟнытә "Ашана" аиҳабыра рыхьӡала ахәыҷы ашкол ахь иааганы аҳаҭыртә шәҟәы ианасшьарц сгәы иҭоуп. Аиаша ҳҳәозар, иахьатәи ҳаамҭазы абас еиԥш ахымҩаԥгашьа аазырԥшуа ахәыҷы дахьыҟоу уамашәа избеит. Анцәа агәабзиареи аԥсҭазаара лашеи иаҭәеишьааит", - лҳәеит афонд "Ашана" ахаҭарнак.

Акция Урок добра в 10 школе в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра аҽарҭбаауеит: акциа "Агәыразра амш" алҵшәақәа еилкаахеит

Владислав Цариненко ирҵаҩы Алиона Ҷанԥҳа илҳәеит лыкласс зегьы активла рхы шаладырхәуа есышықәса абҵара 13 рзы имҩаԥырго аразра амш. Усҟан аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рҭаацәа рыцырхрааны аџьармыкьа маҷ захьӡу ахәаахәҭра еиҿыркаауеит. Илҵуа аԥарақәа "Ашана" ахь ирышьҭуеит. Убрантәи ауп аҷкәынгьы афонд аӡбахә злаидыруа.

Владислав хәыҷы иҭаацәа амазара ихнахны иҟам. Иан Томеи иаб Игори хәыҟаҵаҩцәоуп. Рхатә џьабаала ауп рыхшара шырааӡо. Аха уеизгьы, аԥша иаанагеит ҳәа ирыдрымкылаӡеит аҷкәын ииԥшааз аԥара.

"Владислав, аиаша саҳәа, аԥара шубаз аӡәгьы изымдыруазҭгьы, иааухәозеи", - ҳәа гызмалрала саниазҵаа, "сара зегьы сымоуп" ҳәа саҭеикит. Насыԥ змоу иоуп абас еиԥш аҭак узҭо.

Инагӡахааит Владислав хазына уразра, ушыхәыҷызнатә иулоу "ауаҩра" захьӡу ацәаҩа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0