Ареспубликатә хәышәтәырҭа ԥшь-миллионк рыхә амедицинатә хархәагақәа аҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ԥшь-миллионк рыхә амедицинатә хархәагақәа аҭоуп, уи фымз-бжьымз рыҩныҵҟа иазхоит.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабораториатә ҭҵаарақәа рзы ареактивқәеи ахархәагақәеи анаҭеит. Иааидкыланы - х-миллионки 593 504 мааҭ рыхә.

Ауснагӡатә мҩаԥгоуп "Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иаҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа хәшәыла реиқәыршәаразы" апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ахықәкытә программа анагӡаразы Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра 2020 шықәсазтәи абиуџьет аҟны иарбоуп 60 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус азы агәаҭара иалагоит хәажәкыра 21 рзы

 

Ажәабжьқәа зегьы
0