Аԥсны авирус аҽацәыхьчаразы ауснагӡатә цҵақәа алагалоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраакарантин
акарантин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала акоронавирус аҿацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 19- Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала акоронавирус 2О19-nCoV аҿацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Адҵа инақәыршәаны аҵаратә усҳәарҭақәа, аспорттәии акәашаратәии секциақәа, Аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут, абжьара-профессионал ҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа 2020 шықәса хәажәкыра 30 рҟынӡа инахоуп.

Адокумент аҿы иарбоуп акоронавирус аҭыԥ ахьамаз атәылаҟынтә иааз ауаа 14 мшы аҩнтәы карантин рымазароуп ҳәа.

акасыш - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп

Аҳәынҭқарратә напхгаратә мчрақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи ашоура змоу русуцәа аусурҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟамзаара еиҿыркаароуп.

Иара убасгьы 60 шықәса иреиҳабу аусуцәа рулафахәы ааныжьны хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа рхы иақәиҭтәуп.

Иара убасгьы аԥкырақәа ирыҵаркуеит:

  • 2020 шықәса хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк, Афон ҿыцтәи аҳаԥы, Аботаникатә баҳча рахь атуристцәеи аекскурсантцәеи рнера аԥкра;
  • 2020 шықәса хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа адинхаҵаратә еиҿкаарақәа аԥшьа ҭыԥқәа рҭааҩцәа рныҟәара ԥыркырц;

Иара усгьы ауаажәлар рахь аҳәара ҟаҵоуп абри аамҭақәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара рҽацәхьаркырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0