Аҟәатәи аџьармыкьа адезинфекциа азыруит

© Foto / дирекция Сухумского рынка Аҟәатәи аџьармыкьа адезинфекциа азыруит
Аҟәатәи аџьармыкьа адезинфекциа азыруит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева иазгәалҭеит аҭагылазаашьа зеиԥшрахо иаҿырԥшны аџьармыкьа аркхаргьы ҟалоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳҭнықалақь асанитар-епидемиологиатә маҵзура аџьармыкьа хада адезинфекциа азыруит хәажәкыра 19 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анаплакы адиректор Алхас Гәыргәлиа.

"Аџьармыкьа еиҳа ауаа зҭаауа ҭыԥуп. Аҳҭнықалақь асанитар-епидемиологиатә маҵзура ахь аҳәара ҟаҳҵеит адезинфекциа мҩаԥыргарц. Аҟазауаа аарышьҭын, аџьармыкьа аҵакыра зегьы адезинфекциа азыруит", - иҳәеит иара.

Какоба: ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа еиҭа ианацҵаха, аҵарашықәс анахара ҳақәшәоит>>

Алла Белиаева лажәақәа рыла, адезинфекциа аан ахархәара рыман ахлор злоу амаҭәашьарқәа. Ԥхьаҟатәи русқәа аҭагылазаашьа зеиԥшрахаша иахьԥшуп лҳәеит лара.

"Ақалақьуаа рахь аҳәара ҟаҳҵоит ауаа рацәа реизарҭақәа рыҽрыцәхьаркларц. Иҟалоит аџьармыкьа аркра ҳақәшәаргьы. Уи аҭагылазаашьа шыҟалаша иаҿырԥшхоит", - азгәалҭеит Белиаева.

Лара иара убасгьы илҳәеит арҭ амшқәа рзы атроллеибусқәеи автобусқәеи адезинфекциа шырзыруа. Уажәы амаршруттә таксиқәагьы адезинфекциа рзырурц ргәы иҭоуп.

Белиаева иазгәалҭеит макьаназ ишәарҭоу аҭагылазаашьа шыҟам, аха азԥхьагәаҭаратә усқәа шымҩаԥысуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0