Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аганахьала аусҭҵаара хацнаркит

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоуцәа Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аԥхасҭа арҭеит 645,5 миллион мааҭи 1,12 миллион еврои рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Аҵәахырҭатә банк аҟынтәи 2017 шықәсазы иҟалаз аӷьычразы. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура асаит.

Иҟоу адыррақәа рыла, абанк аусзуҩцәа ацәгьоуратә схема аус адырулеит, адокумент ԥаршеиқәа рхы иархәаны.

Зхаҭара шьақәыргылам ацәгьоуцәа абанкҩнуҵҟатә електронтә система иаларгалеит абанк аофициалтә дыррақәа рахь амц дыррақәа.

Урҭ адыррақәа инарықәыршәаны австралиатәи абанк Commercial Development Bank аҟны иаартыз абанк акорреспонденттә ԥхьаӡамҭа ахьынтә Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аклиент ИАЕ "Дриада" аԥхьаӡамҭахь ииаган 5,025 миллион евро. Лаҵара 24, 2017 шықәса рзы абри аиҿкаара финанстә цхыраарак аҳасабала абанк аклиентцәа рыԥхьаӡамҭақәа рахь иианагеит 4,9 миллион евро. Аԥарақәа рзиаган ИАЕ "Бриг" – 1,35 миллион евро, ИАЕ "Технология" афилиал – 1,55 миллион евро, ИАЕ "Юг Строй Комплект" – 2 миллион евро. Иара убри амш азы ИАЕ "Дриада" аԥхьаӡамҭахь ииаган 10 миллион евро.

Абасала, идырым ахаҿқәа хәажәкыра 29, 2017 шықәса инаркны жьҭаара 10, 2017 шықәсанӡа ИАЕ "Дриада", ИАЕ "Бриг", ИАЕ "Технология" афилиал, ИАЕ "Юг Строй Комплект" рыԥхьаӡамҭақәа рхархәарала Аҵәахырҭатә банк акассаҿы ироуит рнапаҿы 1,12 миллион еврои 195,9 миллион мааҭи. Абри ашьҭахь егьырҭ абанкқәа рахь ииаргеит 450 миллион мааҭ.

Иааидкыланы абанк иаҭан иԥхасҭаны 645,5 миллион мааҭи 1,12 миллион еврои.

Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Апрокуратура хада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0