Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа ирылагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны ахада иеиҭалхраан абжьыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш Москвеи Черқьесски.

АҞӘА, хәажәкыра, 22 - Sputnik. Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны аамз рыҩныҵҟала хынтәны имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа.

Ахадарахьы анеира рҽазыршәоит: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Абжьыҭара иалагеит ашьыжь асааҭ 08:00 рзы, имҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩгьы.

Аԥсны ахада иалхрақәа 2020 - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа: акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 127 нызқьи 232-ҩык ыҟоуп.

Згәамбзиаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны абжьыҭарахь изымнеиуа уи азы заа, жәамш шыбжьоу адырра ҟарҵар, аҩныҟа ирызнеиуеит алхырҭатә комиссиеи анаԥшцәеи рхаҭарнакцәа.

Абжьыҭараҿы аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡахоит - 50% даҽа бжьык ацҵаны изауз.

Абиуллетен аҿы ҩыџьа иреиҳаны акандидатцәа арбазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхызар, АКХ еиҳа абжьы зауз ҩыџьа аиҭалхрахь иқәнаргылоит.

Аҩбатәи атур мҩаԥгахоит ҩымчыбжь ирхымгакәа.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Аҩбатәи атур аан асиа ианыз алхыҩцәа рҟынтәи 25 процент еиҵамкәа рыбжьы зауз акандидат атәыла ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит.

Аиҭалхраан акандидатцәа аӡәгьы аԥыжәара имоузар, еиҭа аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0