Аслан Бжьаниа ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжьаниа ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит
Аслан Бжьаниа ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа - Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа абжьыҭара ихы алаирхәит ҳәа аҭыԥантәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Бжьаниа ибжьы аиҭеит алхратә ҭыԥ №5, иқыҭа гәакьа Тамшь еиҿкаау 31-тәи алхратә округ аҟны. Ари алхратә ҭыԥ аҿы иааидкыланы ашәҟәы иҭаҩуп 372-ҩык алхыҩцәа.

Акандидат иазгәеиҭеит игәы алаҟаны алхрақәа рахь дшааиз.

"Сара сзы ара ԥшьаҭыԥуп, сара абри ақыҭаҿы сиит. Абарҭ арҵаҩцәагьы – сзааӡаз роуп. Убри аҟнытә иахьатәи амш гәырӷьамшуп са сзы", – иҳәеит иара.

Акандидат аиааиразы имоу ашансқәа абанӡаҟоу ҳәа ҳазҵаара хҳәаада иаанижьырц иҭаххеит.

Алхратә ҭыԥқәа иахьа ашьыжь асааҭ 08:00 рзы Аԥсны зехьынџьара иаатит. Абри аамҭазы ибжьы аиҭахьеит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо аԥыза-министр Валери Бганба. Иара абжьыҭара дахысит Гагра, алхратә ҭыԥ анаадырт сааҭкгьы мҵыцкәа.

Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски. Алхрақәа мҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0