Атәыла ахадарахьы акандидат Леонид Ӡаԥшьба ибжьы аиҭеит

© SputnikЛеонид Дзяпшба принял участие в голосовании
Леонид Дзяпшба принял участие в голосовании  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски. Алхрақәа мҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахадарахьы акандидат Леонид Ӡаԥшьба ибжьы аиҭеит Аҟәа, афбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы (аокруг №2) ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит ҳкорреспондент.

"Ари насыԥ зцу билеҭуп. Уажәы уаанӡа аасҭа еиӷьхоит", - иҳәеит иара абиуллетень аурна иҭеиршәаанӡа.

Иара ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит игәы алаҟаны абжьыҭарахь дшааиз.

"Сгәалаҟазаара бзиоуп. Иахьа ныҳәоуп. Милаҭ рацәала еилоу Аԥсны ажәлар ирыдысныҳәалоит ари амш, ирзеиӷьасшьоит хшыҩла далырхырц иааиуа ахәышықәса ԥхьаҟа изгаша ауаҩы", - иҳәеит Ӡаԥшьба.

Хәажәкыра 22 рзы Аԥсны аамз рыҩныҵҟала хынтәны имҩаԥысуеит атәыла ахада иалхрақәа.

Ахадарахьы анеира рҽазыршәоит: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Абжьыҭара иалагеит ашьыжь асааҭ 08:00 рзы, имҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩгьы.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 127 нызқьи 232-ҩык ыҟоуп.

Абжьыҭараҿы аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡахоит - 50% - бжьыки ацҵаны изауз.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0