Ааишьа бзиоуп: Аԥсны ахада иалхрақәа рцашьазы абыржәтәи аамҭаз дыррас иҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАаишьа бзиоуп: Аԥсны ахада иалхрақәа рцашьазы абыржәтәи аамҭаз дыррас иҟоу
Ааишьа бзиоуп: Аԥсны ахада иалхрақәа рцашьазы абыржәтәи аамҭаз дыррас иҟоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зехьынџьара асааҭ 08:00 рзы иаатит алхратә ҭыԥқәа 152, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны. Даҽа ҩ-ҭыԥк аус руеит Москвеи Черқьесски. Дара зегьы аартызаауеит 20:00 сааҭ рҟынӡа.

Аԥсны ахадарахьы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.

Sputnik

Алхыҩцәа рааишьа

Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, 12:00 сааҭ рзы рыбжьы арҭеит 23,78% алхыҩцәа, даҽакала иуҳәозар – 30812-ҩык асиа иану 127 232-ҩык алхыҩцәа рҟынтә.

АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
АКХ Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа азы раԥхьатәи адыррақәа ҟанаҵеит

Абжьыҭарала аԥхьагылара амоуп Гал араион, зегьы иреиҵаны рыбжьы ахьырҭихьоу Аҟәа ақалақь аҟноуп.

Анҭыҵтәи алхратә ҭыԥқәа рҟны иҟоу-иану азы АКХ макьаназы адырра ҳанамҭеит. Уажәаԥхьа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәахьан 11:00 сааҭ рзы Москва рыбжьы арҭахьеит ҳәа 150-ҩык раҟара ҳџьынџьуаа.

Шьыжьнаҵы абжьыҭара дахьӡеит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо аԥыза-министр Валери Бганба, иара итәылауаҩратә уалԥшьа наигӡеит ашәҟәы дахьҭаҩу Гагра ақалақь аҟны. Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиагьы ашьыжь ибжьы аиҭеит Аҟәа, Ашьхарыуаа рышкол аҟны.

Аԥсны ахада иалхра рхы аладырхәхьеит убасгьы ахадарахьы акандидатцәа рыхҩыкгьы – Аслан Бжьаниеи, Леонид Ӡаԥшьбеи, Адгәыр Арӡынбеи.

Аслан Бжьаниа ибжьы аиҭеит Тамшь, иқыҭа гәакьаҿы 31-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада иатәу алхратә ҭыԥ №5 аҟны. Ари алхратә ҭыԥ аҟны зынӡа ашәҟәы иҭагалоуп 372-ҩык алхыҩцәа.

Леонид Ӡаԥшьба ибжьы аиҭеит Аҟәа, 2-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада иатәу алхратә ҭыԥ №6 аҟны. Абиуллетен аурна иҭаршәуа Ӡаԥшьба иҳәеит:

"Ари насыԥ зцу билеҭуп. Уажәы уаанӡа аасҭа еиӷьхоит", - иҳәеит.

Адгәыр Арӡынба ибжьы аиҭеит Афон ҿыц ақалақь аҟны иҟоу актәи алхратә ҭыԥ хада алхратә ҭыԥ 20 аҟны.

Аилагарақәа ыҟам

Аԥсны ахада иалхрақәа рцашьа хылаԥшра азыруеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 800-ҩык. Атәылаҿы иҟоу алхратә ҭыԥқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы рыхьчара мҩаԥысуеит ҳәа аусбарҭа адырра ҟанаҵахьан заанаҵы.

Амилициауаа Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахьтәоу ахыбрахь уназго амҩагьы кны итәоуп.

АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла, акомиссиахь ҿырҳәалатәи ашшыԥхьыӡқәа рзааиуеит. Уажәазы ироухьоу ашшрақәа хәба рҟынтәи хԥа рҵаҵӷәы шьақәырӷәӷәамызт.

Гагра араион аҟны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Ажәлар патула еицынхаларц: Гагра араион алхыҩцәа абжьыҭарахь иааиуеит

Атәыла ахада иалхрақәа рҟны хылаԥшцәас рыҽҭарҩит аделегациақәа ԥшьба – Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа, "Адемократиеи ажәларқәа рзинқәеи рзы" ҳәа хьӡыс измоу аилазаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа Рпарламентбжьаратә ассамблеиа ахаҭарнакцәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рҟынтә анаԥшцәа.

Акоронавирус ааҳашьҭуам

Аԥсны алхратә комиссиа хадеи Акоронавирус аламырҵәаразы аусбарҭабжьаратә штаби еилахәны аҿкы алаҵәара иаҿагылаша ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит, аҿаршәқәеи анапыӡәӡәагақәеи рыла алхратә ҭыԥқәа зегьы еиқәдыршәеит.

Москва иаарту алхратә ҭыԥ аҟны уахьааҩнашыло иалдоуп алхыҩцәа рыбжьара метрак-метрак иреиҵамкәа ибжьазарц ахәҭоуп ҳәа рыҵазҳәо ацәаҳәа.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада жәларбжьаратәи апресс-центр аус ауеит ашьыжь асааҭ 09:00 раахыс. АКХ, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Апрокуратура хадеи рхадацәа атәыла ауааԥсыра ирыларҳәалоит алхрақәа рцашьазы дыррақәас ирымоу. Апресс-центр аҟынтә ишиашоу ицо аефирқәа шәрызҿлымҳаз Sputnik асаит аҟны.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0