Аилагарақәа ыҟам: анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы кандидатцәас иқәгылоуп хҩык - Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа ахәшьара рырҭеит АКХ аҟны еиҿкаау Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны.

Аилазаара "Адемократиеи амилаҭқәа рзинқәеи" аҳәынҭқарра-лахәылацәа Рпарламентбжьаратә ассамблеиа анапхгаҩы Григори Маракуца иазгәеиҭеит ари аиҿкаара ишалоу Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Атепловизор, агәалаҟара бзиа, акаҳуа: Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшҩы алхрақәа рзы

"Ҳара арахь изныкымкәа ҳаахьеит, алхрақәа ҳхы рылаҳархәхьеит, апарламенттәиқәеи ахада иалхрақәеи", - иҳәеит иара.

Маракуца иажәақәа рыла, рделегациа ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа зегьы ирҭааит хәажәкыра 21 рзы.

"Ҳаилацәажәеит, еилаҳкааит алхрақәа рҽазыҟаҵараҟны аӡәыр гәынамӡара имоу имаму. Зегьы ишақәнагоу имҩаԥысуеит рҳәеит еицҿакны", - азгәеиҭеит иара.

Алхрақәа рыҽны анаԥшцәа Аҟәа, Афон ҿыц, Гагра иҟоу алхратә ҭыԥқәа ирҭааит алхрақәа рыҽны ҳәа адырра ҟаиҵеит Маракуца.

"Алхырҭақәа зегьы рҟны аусура шеиҿкааз ҳбеит, гхақәак, еиқәымшәарақәак ыҟазу иҟамзу еилаҳкааит. Ҳахьыҟаз џьаргьы гәынамӡарак аӡәгьы иааимырԥшит, азакәанеилагара ҳәа акгьы шыҟам рҳәеит", - азгәеиҭеит Григори Маракуца.

Аԥсны иҟоу Преднистровие ахаҭарнак Гарри Қәпалба иажәақәа рыла, Приднестровие еснагь Аԥсны алхрақәа ишрызҿлымҳау, активла ишалахәу.

"Иахьатәи аамҭазы Приднестровие атранспорт аус ауӡом (акоронавирус иахҟьаны - аред.), убри азы сара сыда аӡәгьы дыҟам", - иҳәеит иара.

Гарри Қәпалба иазгәеиҭеит анаԥшцәа рзы аҭагылазаашьақәа зегьы шаԥҵаз алхырҭатә ҭыԥқәа рахь анеира рылшарц азы. АКХ аганахьала аусмҩаԥгатәқәа зегьы бзианы еиҿкаан иҳәеит иара.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0