Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хыркәшоуп
Аԥсны ахада иалхразы абжьыҭара хыркәшоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы. Ахадарахьы иқәгылан акандидатцәа хҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгаразы аус зуаз алхырҭатә ҭыԥқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы.

Зынӡа атәылаҟны абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москвеи Черқьесски Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшон. Зынӡа абжьыҭаразы азин рымоуп 127 нызқьи 232-ҩык алхыҩцәа.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аилагарақәа ыҟам: анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа ахәшьара арҭеит

Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы еицҿакны иаартын асааҭ 8:00 рзы. Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, асааҭ 12:00 рзы Аԥсны ахы-аҵыхәа рыбжьы арҭахьан 23,78% алхыҩцәа, асааҭ 15:00 рзы ауаа рааишьа иартәеит 43,29%, 18:00 рзы – 58,85%. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа рылаҳәан.

Аԥсны ахада абыжьбатәи иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы кандидатцәас иқәгылан - аоппозициаа рыблок аиҳабы Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба, Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, ажәытә ҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аҳәынҭқарра ахада имаҵура дахагылазар ҟалоит инеишьҭаргыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳамкәа. Аамҭакала ахадарахьы акандидат дицалырхуеит иара зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩгьы. 

Абжьыҭараҟны аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50%-и даҽа бжьыки иреиҵамкәа изауз акандидат. Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа ҭагалазар, урҭ рахьтә аӡәгьы далхымзар, Аԥсны Алхратә комиссиа хада аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит акандидатцәа зегь рахьтә зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа рзы. Аҩбатәи атур мҩаԥысуеит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0