Иаҵахаз дҟалаӡом: Бжьаниеи Арӡынбеи еидныҳәалеит

© SputnikАрдзинба поздравил Аслана Бжания с победой
Ардзинба поздравил Аслана Бжания с победой  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адгәыр Арӡынба ахада иалхрақәа рҟны заанаҵтәи алҵшәақәа рыла аиааира згаз Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Адгәыр Арӡынба Аслан Бжьаниа иштаб ахь дааит уи заанаҵтәи адыррақәа рыла ахада иалхрақәа рҟны иигаз аиааира идиныҳәаларц азы.

Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зегьы аус еицырур шакәу, иагьазгәеиҭеит Бжьаниа аԥышәа змоу аполитик шиакәу, иара убас ипрограммаҿы иарбаз агәҭакқәа зегьы нагӡахоит ҳәа дышгәыӷуа. Уи аҟны Арӡынба икоманда шрыдгыло, ацхыраара шыҟарҵо.

"Ҳтәыла аҿаԥхьа еиқәылеит апроблемақәеи аусқәеи рацәаны, урҭ зегьы рыӡбара алшом аидгылара ҟамлакәа. Ҳгәы иҭоу зегьы наҳагӡаразы аганқәа зегьы рҟны игылоу ажәлар еидкылатәуп, хәышықәса рышьҭахь Аԥсны зыхьӡаз ҳәа алҵшәа бзиақәа рыӡбахә ҳҳәартә азы", - азгәеиҭеит Арӡынба.

Аслан Бжьаниа адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа иаҳәо, раԥхьа иргыланы активла абжьыҭара зхы алазырхәыз Аԥсны жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Ҳара ҳҿы иаҵахаз дҟалаӡом, избанзар хыԥхьаӡара рацәала иҳамоу апроблемақәа рыӡбаразы аԥышәа змоу ауаа рацәаны рџьабаа аҭахуп. Сара даара сақәгәыӷуеит ҳамч еидкыланы акыр шҳалшо", - иҳәеит Бжьаниа, иагьазгәеиҭеит иара ишигәаламшәо абас акандидатцәа ианеидырныҳәалоз.

Бжьаниа Арӡынба ижәлар дырҵеи иашоуп ҳәа ихиҳәааит, хазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит уи ихаҭыԥуаҩыс ивагылаз Арда Ашәба.

Анаҩс Бжьаниа иштаб аԥхьа еизаз идгылаҩцәа рахь дцәырҵын, иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз адгыларазы. Иагьреиҳәеит Адгәыр Арӡынба иара хаҭала дышидныҳәалаз. Александр Анқәаб иакәзар, алхрақәа рышьҭахь уажәшьҭа аусура заҵәык ауп иаанхаз иҳәеит.

Леонид Ӡаԥшьба иакәзар, ахҳәааҟаҵара мап ацәикит. АИХ-қәа рымадаразы уи ицхырааҩ Ельза Ҷанба излалҳәаз ала, дара рыштаб азыԥшуп АКХ иҟанаҵо аофициалтә дыррақәа.

© SputnikЛеонид Ӡаԥшьба иштаб
Иаҵахаз дҟалаӡом: Бжьаниеи Арӡынбеи еидныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Леонид Ӡаԥшьба иштаб

Иара убас Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аслан Бжьаниа заанаҵтәи адыррақәа рыла ирыларҳәаз ииааира идиныҳәалеит ҭелла ианеицәажәоз, иагьеибырҳәеит хәажәкыра 23 рзы ишеиқәшәо.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы, абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҟны. Атәыла ахадарахьы иқәгылан акандидатцәа хҩык - Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. АКХ официалла алҵшәақәа ртәы аҳәоит ашәахьа, хәажәкыра 23, асааҭ 11:00 рзы.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0