Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Мизан Зыхәба ҩымз ҳәа дааннакылеит

© SputnikНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мизан Зыхәба даанкылан хәажәкыра 16 рзы. Иареи дызцыз даҽа хҩык азинеилагаҩцәеи раанкылараан аҿагылара ҟарҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа азыҳәа иазыразны Мизана Зыхәба ҩымз ҳәа ирбаандаҩра иақәшаҳаҭхеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Амцахара  - Sputnik Аҧсны
"Амцахара" ахҳәаа азнауит апартиа алахәылацәа руаӡәк ирбаандаҩра ахҭыс

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа амилициаа ирықәкны ахысра иалагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Ршьапы иқәыргылан аусбарҭа аоперативтә еилазаара. Аԥшаарақәа ирылҵшәаны Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасны иақәтәаз урҭ аԥшьҩык. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Уи абџьар ԥшааны ААР ахь инагоуп: зкалибр 5.45, 7.62 миллиметр ыҟоу Калашников исистема автоматқәа, урҭ рахь апатронақәа 82 цыра, атапанча "Викинг", 9.19 миллиметр зкалибр ыҟоу, уи иатәу апатронақәа 16 цыра, иара убас РГД-5 арҭҟәацга аманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0