Бжьаниа Урыстәыла аус ацура иазкны: априоритет змоу хырхарҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы Владимир Путин иазгәеиҭеит ҿыц Аԥсны ахадас иалху Бжьаниа аус ицура дшазыхиоу "Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырӷәӷәара аганахьала".

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Атәыла хадас иалху Аслан Бжьаниа Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақә рыҿиара – априоритет зиҭо хырхарҭоуп ҳәа ахиҳәааит.

Подведение итогов выборов  - Sputnik Аҧсны
Алкаақәа ҟаҵоуп: Аслан Бжьаниа Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира игеит

"Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иҵегь излаҳарҿиаша рацәоуп, ари априоритет змоу хырхарҭазаауеит сусураҿы", – иҳәеит иара.

Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура уаанӡа напы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысло. Урҭ рыхәҭак иахьазы аԥсҭазаара иаларҵәоуп, аха рыхәҭак макьанагьы инагӡам.

"Ҳара ҳабжьара иҟам иузымыӡбо азҵаарақәа", – ҳәа азгәеиҭеит ахада ҿыц.

Иацы Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны ахадас дахьалырхыз азы.

Аслан Бжьаниа алхрақәа рҿы даиааит 56,5% абжьы иманы, Адгәыр Арӡынба 35,42% абжьы иоуит, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%.

Бжьаниа индаҭлаҩцәа алхрақәа рҿы ишаҵахаз азхарҵеит, иара ииааира идырныҳәлеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0