Аҭакԥхықәра аарԥштәуп: Аҟәа ақалақьтә еизара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит

© Sputnik / Марианна КубраваАҟәатәи ақалақьтә еизара
Аҟәатәи ақалақьтә еизара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа адепутатцәеи иареи онлаин-еилацәажәара мҩаԥыргеит акоронавирус аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа ирызкны.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит рыҩнқәа ирдәылымҵларц, рхы ԥхьаркларц.

"Акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы аиҳабыра имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рыдагьы дарбанзаалак аҭакԥхықәра имазароуп. Абри атәы рҳәоит ҳҳақьымцәагьы. Урҭ ирҳәо иазыӡырҩтәуп", - ҳәа азгәарҭеит адепутатцәа.

Аилацәажәара иалҵшәаны Аҟәеи Аԥсны егьырҭ араионқәеи руааԥсыра рахь ааԥхьара рыдкылан.

Аиҳарак азхьаԥшра рыҭан ибыргу, зықәра 60 шықәса иахысхьоу ауаа.

Адепутатцәа Валери Бганба иахь аҳәара ҟарҵеит адәқьанқәеи аџьармыкьақәеи рҟны аҭиҩцәа, амаҵзура аусхк аусзуҩцәа асабрадақәа рҿазарц.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа аӡәгьы акоронавирус ихьуам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0