Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ԥхьатәара дцеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАида Чачхалиаԥҳа
Аида Чачхалиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аида Чачхалиаԥҳа Тҟәарчал араион ахадас абҵарамза 2014 шықәса рзы дҟаиҵеит усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ԥхьатәара дцеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илалҳәеит Чачхалиаԥҳа лхаҭа.

"Ишысҳәахьаз еиԥш, сара смаҵура аансыжьит. Ишәгәалашәозар, ажьырныҳәеи жәабрани рзы иҟалаз ахҭысқәа раан исҳәахьан алхрақәа шеилгалакгьы, урҭ рышьҭахь сҭыԥ шаансыжьуа. Соппонентцәа ишысзырҳәоз еиԥш акәымкәа, сара амаҵура сҽахьснырҳалаӡом. Сара усҟан исзыруаз ақәыӷәӷәараан ԥхьатәара ацара сҭахӡамызт, уи ауп иҟалаз. Сара сзы уи азҵаатәы апринцип азҵаара акәын", – ҳәа азгәалҭеит Чачхалиаԥҳа, иагьылҳәеит лара илҩыз арзаҳал ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩыр шакәу.

Аида Чачхалиаԥҳа Тҟәарчал араион ахадас абҵарамза 2014 шықәса рзы дҟаиҵеит усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

Ажьырныҳәа 18 рзы Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа Sputnik излазаалыцҳаз ала, лара лахь инеит хҩык арԥарацәа, апартиа "Амцахара" араионтә ҟәша ахаҭарнкцәа ҳауп ҳәа ларҳәеит. Урҭ лара ԥхьатәара дцарц адҵа лырҭеит.

Депутат Аслан Бжания на второй сессии парламента Абхазии шестого созыва - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Тҟәарчалтәи ахҭысқәа рзы игәаанагара иҳәеит

Чачхалиаԥҳа апартиа ахада лҽанималда, иара лара лахь аӡәгьы адҵақәа ҟаиҵарц дшимышьҭыз леиҳәеит. Sputnik аинтервиу анаиҭоз, иара Тҟәарчалтәи ахҭысқәа аполитикатә партиа аус шрылам иҳәеит.

Усҟан араион ахада аусуратә ԥсшьара дцеит, иагьазгәалҭеит илзыруа ақәыӷәӷәаразы лара лмаҵура шаанылмыжьуа, ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба смаҵура самхразы адҵа инапы аҵаиҩаанӡа ҳәа.

Жәабран 21 рзы Тҟәарчал ақалақь ахадара аҿаԥхьа еизеит Чачхалиаԥҳа ԥхьатәара лҵара дҵас иқәзыргылоз ауаа. Уахь инеит араион ахада илыдгылозгьы. Зынӡа шәҩык раҟара ауаа еизеит. Урҭ рыҩгәыԥк аисрахь икылибагеит. Уи иахҟьаны аҭыԥантәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы ДАмир Ӷәарзалиа ааха иоуит.

Аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алшеит ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ахә зхырымшәаауа аԥсшьарамшқәа хәажәкыра 21 рҟынӡа илыҭазааит ҳәа адҵа инапы аҵаиҩит. Уи адокумент алагьы араион ахада инапынҵақәа аамҭала инаигӡарц идҵан уи лхаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0