Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит ахада иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхратә кампаниа амҩаԥгараан акандидатцәа зегьы аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рынагӡараҟынтәи аамҭала рхы иақәиҭтәын.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа идепутаттә мандат аанижьуеит, абри атәы иҳәеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Кәарҷиа иажәақәа рыла, Бжьаниа официалла аҳәынҭқарра ахада имаҵура данахагылалак ашьҭахь, алхырҭатә ҭыԥ хада 31 аҟны аиҭалхрақәа азгәаҭахоит. Уа акәын аоппозициаа рхада 2017 шықәса рзы Апарламенттә алхрақәа раан икандидатура ахьықәгылаз.

"Аслан Бжьаниа итәы еилкаауп. Уи Аԥсны ахадас далхуп. Азакәан излахәо ала, иара иҭыԥ ахь адепутат иалхрақәа мҩаԥаагароуп, иара иалхырҭатә ҭыԥ аҟны. Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Бжьаниа идепутаттә мандат анышьҭеиҵалак иҟалоит", – иҳәеит Кәарҷиа.

Апарламент аиҳабы иазгәеиҭеит иҵегьы адепутаттә мандатқәа ҭацәыр шалшо. Убри адагьы аҩаша имҩаԥысуаз ахадас иалырхыз ипресс-конференциа аан уи ирылаиҳәеит Апарламент ахада Александр Анқәаб аиҳабыра дшахагыло.

Инаугурация  - Sputnik Аҧсны
Ҿыц иалху Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара арыцхә алкаауп

"Сгәанала, иҵегьы аҭыԥқәа ҭацәуеит. Хҩык-ԥшьҩык раҟара адепутатцәа анагӡаратә мчрахьы ииасыр ҟалап. Усҟан еилкаахоит шаҟа депутаттә мандат ҭацәхо, анаҩс ауп ианазгәаҳҭо иарбан алхырҭатә ҭыԥқәоу, зыҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахо", - иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Абжьыҭара алҵшәақәа рыла, Аԥсны ахадас далхын 56% инареиҳаны абжьқәа зауз Аслан Бжьаниа.

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара маҩԥсуеит АКХ аофициалтә лҵшәақәа анрыларҳәа амш инаркны 30 мшы анҵлак. Аслан Бжьаниа мшаԥы 23 рзы иҟалоит аҭоубашәьҭаҵара ҳәа ипресс-конференциаҟны ирылеиҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0