"Изакәытә аамҭақәоузеи иаҳхаҳгахьоу?!" – акоронавирус ицәырнаго агәалашәарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазское село
Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачымазара ҿкы акоронавирус акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәеи, Аԥсны иаԥҵоу аҭагылазаашьа ҷыда ақыҭауаа рыбжьара ицәырнагаз ргәалашәарақәеи дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Аибашьра иацыз агәаҟра

– Бара ҳашԥаҟаҵәҟьаз, ача ҳамаӡамызт, ашыла ҳзаахәаӡомызт, алу аҿы ҳнеины аџьықәреи ҳлагон напыла. Амгьал алаҟаҳҵон, ачашыла ҳзаахәаӡомызт, ача ҳзаахәаӡомызт.

– Ҳшыҟақәаз уажәшьҭа иаҳхамышҭи. Уажәы ҳабжьысын, ҳахьцара ҳаздырам.

Абас еибырҳәоит Оҭҳараа ахьааидтәало уажә ицәырҵыз ачымазара ҿкы ауаа амла иагар ҳәа иаршәаны адәқьанқәа иахьрысыз ахҳәаа азуа.

Аҩны шәыҟаз: Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда раԥхьатәи амш - Sputnik Аҧсны
Аҩны шәыҟаз: Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыда раԥхьатәи амш

Сара сзыҿцәажәаз ақыҭауаа Аԥсны чмазарак ыҟоуп ҳәа агәра ргом, "уи аҩыза ҳа ҳҟын изааиӡом, сара уи хасҵаӡом" рҳәоит. Аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи рахь ишцац ицоит, ачарақәагьы ааныркылом. "Аҩны шәтәаз" ҳәа иҟоу ааԥхьара араҟа аус ауам. Аигәылацәагьы шеиҭанаиааиц еиҭанаиааиуеит, ана-ара иҟоу ажәабжьқәа рыӡбахә рҳәоит, урҭ ажәабжьқәагьы рыздырам узҳәашам, избанзар Аԥсуа телехәаԥшра иаабжьамыжькәа есуаха иахәаԥшуеит, хынҩажәа ирҭысхьогьы аинтернет ахархәашьа ицәгьамкәа издыруа ыҟоуп. Ажәакала ақыҭауаагьы ҳаамҭа ашьаҿақәа ацҟарҵоит.

"Сара ак ҳахьуеит, Аԥсны аҩнуҵҟа ак ҟалоит ҳәа сгәы иснаҭаӡом. Уажә иаҳбоит адәқьанқәа ирысын афатәқәа раахәара иаҿуп. Ҳара аибашьраан, аибашьра ишалагоз ҳаздырамызт, нас ҳазыҟаҵангьы ҳаҟамызт, ҳафатә еидаҳкыло-егьиуа, аха аӡәгьы амла дамгеит. Ааи, амлакра, агәаҟра ыҟан, аха ҳаицхыраауан. Усҟан иаҳа аидгылара ыҟан. Ҽнак ҭаҳцәацыԥхьаӡа ча-хык ҳарҭон, агуманитартә цхыраара ҳәа. Ацхыраара иҳауаз ҳазхаӡомызт, ашыла ҳаман усҟан, уажә алаҵарақәа ҳарҟәаҵт-егьит, ашыла-мгьал ҳӡуан аҽҳәа иҽҳәаҵаны. Нас ахәырма ҟәымшәышәӡа ианыҟалоз, агәӡа алыхәҭа икылхны иалаҵаны иаҳӡуан, ихааӡа иҟалон иара" – ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Таиса Ласариа-Аиба.

Лара аибашьра анцоз фҩык ахәыҷқәа лымала лнапы ианхалеит, лыԥшәмеи жәибжь шықәса ирҭагылаз лыҷкәын аиҳаби (Ахра Аиба) еибашьра ицеит. Ҳәарада анхара-анҵыра иаҵагылаз ахацәа еибашьра ианца, аџьабаа зегьы лара лыхәда иқәлеит.

"Уи иақәымшәац издырӡом. Усҟантәи аамҭа зымбаз изеилкааӡом. Уахь дара аибашьцәагьы акрырҿаҵатәымзи, уахьгьы иааҳрыхуаз рзаҳашьҭуан. Апомидор ду ҟаҳҵеит ашықәсан. Иҩыза (аԥшәма. – Е.Ҭ.) аидарамҩангага амашьына дақәтәан, есымша еицны иаауан, иашьикла апомидор рыҭаны исышьҭуан. Алашара ианҳамази ианҳамамызи еиҟаран, акәаҷабқәа, алампақәа аҳаркуан. Нас уажәеиԥш ателефон абаҟаз, амҩа ҳанԥшыло ҳтәан жәабжьк ҳзаазгарыда, ҳаҷкәынцәа еибгоума ҳәа" – ацәажәара даҿын Таиса Ласариа-Аиба лыблақәа уажәгьы ашҭа иҭыҵны ицоз амҩахәасҭахь ирханы, абыржәгьы аӡәы дизыԥшызшәа.

Аиспанка

1918 шықәсазы Испаниа ицәырҵыз ачымазара ҿкы "аиспанка" ҳәа хьӡыс изауз адунеи зегьы аҟны иарчмазҩыз ауаа рхыԥхьаӡарала уаанӡа ицәырҵхьаз ачымазарақәа иреиҳаны иҟалеит. Жәаа мзы еиқәыртәашьа змамыз ари ачымазара ҿкы Аԥснынӡагьы иааит усҟан. Еиҭарҳәоит Тамшь ақыҭан иҟоуп ҳәа хаҳәла мацара икәыршоу ажырҭа. Ари ақыҭаҿ инхоз Чачхалиаа рҭаацәара уахык ала аиспанка ишықәнахыз атәы уажәгьы изгәалашәо ыҟоуп.

© Foto / Эсма ТодуаЛамара Адлеиба-Ҷыҭанаа
Изакәытә аамҭақәоузеи иаҳхаҳгахьоу?! – акоронавирус ицәырнаго агәалашәарақәа - Sputnik Аҧсны
Ламара Адлеиба-Ҷыҭанаа

Ԥақәашь ақыҭа инхо Ламара Адлеиба-Ҷыҭанаа лабду ари ачымазара дагахьан. Уи аҭоурых лара илаҳаит лаб Адлеиба Џьоџьа иҟынтәи. Уи диит 1911 шықәсазы Отаԥ ақыҭан. Џьоџьа иаб даныԥсуаз иара фышықәса ракәын ихыҵуаз.

"Аиспанка ҳәа изышьҭо ачымазара бааԥсын. Убысҟантәи аамҭазы, Отаԥ ақыҭан Адлеиаа рхәы ҳәа иахьашьҭоу, Адлеиаа рыда аӡәгьы дынхаӡомызт. Ҽнак ала жәахаҩык жтәыс ироуит иҳәеит, абри ачымазара ҿкы иагаз. Сабдугьы убысҟан дыԥсит. Саб иашьеиҳаби иареи ашьха иҟазаарын, уи саб иаасҭа акырӡа деиҳабын. Ашьха дыҟан, адырра анирҭа дааит. Дахьааиз, ус иарҳәеит агәылацәа, аӡәгьы даҳҵәыуаӡом, ари ҿкы бааԥсуп, аҵәыуара ҟаҳҵом, акагь ҟаҳҵом, иахьа анышә даҳҭароуп рҳәан, аха иара ишәақь иман дааит. Ишәақь нкыдыргылан, днықәлан ишырымуаз мчыла дҵәыуеит Асабырадба рҿаҵаны (усҟан абамба иалхны исны иҟарҵоз асабрада), ауатка илшьны, убри акәын усҟан иҟарҵоз абри аҿкы иацәшәаны, убас иржит" – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит лара.

Ламара Адлеиба-Ҷаҭанаа лаб ишеиҭаиҳәоз ала, дара ахьынхоз рхәаҿы абри аҿкы иагаз аиҳарак акрызхаҵуаз ахацәа роуп, аҳәса ҩыџьа. Ари ачымазара зыхьуаз иарыхьҭашьуан, ашоура рнаҭон. Иахьа ари шьҭа ирхәышәтәуазар акәхап, аха усҟан ахәшә рыздырамызт азы иагаз рацәахеит ҳәа азгәалҭоит ҳинформант.

Абасала аԥсуаа аамҭас ирхырымгац ыҟам. Уи убоит иҭацәны игылоу аҩнқәа рҭоурых уазҵаауа ундәықәлар. Ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ишиҳәахьаз еиԥш, "Ақыҭа – иаарту ашәҟәы иаҩызоуп". Араҟа зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рыдҳәалоуп, урҭ дара ирхыргахьоу анаҩсгьы рабацәа, рабдуцәа рҭоурых еиқәырханы иааргоит, абиԥарақәа ирымардоит уаҵәтәи амш ахь ацҳа хҵо.

Аԥсны акоронавирус аҽцәыхьчаразы иалагалоу аԥкрақәа ртәы шәахәаԥшырц ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0