Аӡбарҭа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит

CC0 / / Женщина-судья с молотком
Женщина-судья с молотком - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилициа аусзуҩцәа аҿагылара анрырҭа ашьҭахь иааныркылаз Аҟәа ақалақь ауааԥсыра - Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахьала Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит хәажәкыра 16 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Мизан Зыхәба иаанкылара ҵаҵӷәыдоуп ҳәа иашьеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит идукат Викториа Џьынџьалԥҳа.

"Мизан Зыхәба доушьҭуп. Хәажәкыра 23 рзтәи Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара аанкылоуп, иара Мизан Зыхәба иганахьала аусҭҵааҩ изыҳәа мап ацәкны аҭыԥ аҟынтәи доурыжьит", - лҳәеит лара.

Ақәҵара атекст нагӡа кьыԥхьхоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит аҿы ашьаус-процессуалтә закәан аҭахрақәа инарықәыршәаны жәамш рыҩнуҵҟа.

Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Амилициа аусзуҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭазыргылаз рганахь ала ашьаус хацыркуп

Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахьала Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит хәажәкыра 16 рзы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара. Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи ааныркыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа амилициаа ирықәкны ахысра иалагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа рышьҭазаара иаҿын, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.

Ршьапы иқәыргылан аусбарҭа аоперативтә еилазаара. Аԥшаарақәа ирылҵшәаны Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны хәажәкыра 12 рзы.

Аамҭақәак рышьҭахь азинхьчаҩцәа иааныркылеит аҳәынҭқарратә номерқәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасны иақәтәаз урҭ аԥшьҩык. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара, аха азинхьчаҩцәа урҭ раанкылара рылшеит. Ацәгьоуцәа икарыжьыз абџьар ԥшааны ААР ахь инагоуп: зкалибр 5.45, 7.62 миллиметр ыҟоу Калашников исистема автоматқәа, урҭ рахь апатронақәа 82 цыра, атапанча "Викинг", 9.19 миллиметр зкалибр ыҟоу, уи иатәу апатронақәа 16 цыра, иара убас РГД-5 арҭҟәацга аманы.

Абри аус ала ицоит Аинар Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0