Аԥсны ауааԥсыра рзы 18-нызқь сабрада ӡахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПроизводство медицинских масок
Производство медицинских масок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амедицинатә сабрадақәа рыӡахра иалагеит аиҳабыра рыӡбарала. Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажәалагала ҟаиҵеит атәыла ауааԥсыра асабрадақәа рызшазарц аволонтиорцәа рыцхыраарала.

АҞӘА, мшаԥымза 1 – Sputnik. Ф-нызқь цыра асабрадақәа ӡахын Цандрыԥшь иҟоу анаплакы "Самсун" аҟны, даҽа жәаҩа нызқь – аҟәатәи "Мода-Текс" аҟны.

"Ҳара асабрадақәа ҟаҳҵоит Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба напхгара ззиуа Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала. Ҳнапы иҵаҳго аалыҵ Аҭагылааашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҳҭоит, нас дара изҭаху зегьы ирзыршоит", – иҳәеит ЗҲәА "Самсун" анапхгаҩы Уасил Аиба.

Аиба адырра ҟаиҵеит Цандрыԥшь иҟоу анаплакаҿы асабрадаӡахра ԥшьымш раахыс иаҿуп ҳәа.

"Асабрадақәа хәыда-ԥсада иаҳӡахуеит, ҳаалыҵ рзыршоит есыҽны аус зуа амаҵзурақәа русзуҩцәа: Гәдоуҭатәи, Гагратәи ахәышәтәырҭақәа, аҳәаахысырҭа "Ԥсоу" аҳәаахьчаҩцәа. Асабрадақәа реихшара мҩаԥысуеит заатәи азыҳәақәа инарықәыршәаны, убри аҟнытә ҳара иаҳзышо ара аҭыԥан иаҳшоит, АҶА ирзаҳашьҭуа анаҩсан", – ҳәа азгәеиҭеит Аиба.

Аҟәа рыӡахра иалагеит уаҩы иҿаиршәуа акасыш ҿаҳәагақәа - Sputnik Аҧсны
Аҟәа рыӡахра иалагеит уаҩы иҿаиршәуа акасыш ҿаҳәагақәа

Асабрадақәа злырхуа аматериал анаплакы ахаԥшьгара аарԥшны ахала иаанахәоит.

Амедицинатә сабрадақәа рӡахуеит аҟәатәи аӡахратә ҩны "Мода-Текс" аҟынгьы. Уи аиҳабы Бату Арӡынба адырра злаҟаиҵо ала, иахьазы иӡахуп 12 нызқь ҿаршә, урҭ рахьтә х-нызқь цыра раҟара Агәабзиарахьчара аминистрра ирыҭан, егьырҭ зегьы – хаҭалатәи анаплакқәеи аилахәырақәеи иҿарҵаз роуп. Ҽнак ала зқьи хәышә сабрада рӡахуеит.

Изҭаху зегьы "Мода-Текс" иааины амедицинатә сабрада аархәар рылшоит, уи ахәԥса 35 мааҭ инаӡоит.

Аԥсны амедицинатә сабрадақәа рыӡахра иалагеит атәыла аиҳабыра рыӡбарала. Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажәалагала ҟаиҵеит атәыла ауааԥсыра асабрадақәа рызшазарц аволонтиорцәа рыцхыраарала.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0