Атәылахь иҭало зегьы асасааирҭатә карантин иаҵадыркуеит

© Foto / Booking.comАтәылахь иҭало зегьы асасааирҭатә карантин иаҵадыркуеит
Атәылахь иҭало зегьы асасааирҭатә карантин иаҵадыркуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 3 рзы атәыла асасааирҭақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи рҿы аҳәаанырцәынтә иаауа акарантин ахьырхыргаша 400 ҭыԥ рхиоуп.

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны анапхгара ареспубликахь иаауа зегьы хымԥадатәи акарантин раҵаркразы ақәҵара дырхиараны иҟоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА амедицинатә маҵзура аиҳабы Андзор Гоов.

"Хәажәкыра 25 раахыс ҳмаҵзура ареспубликахь иҭало зегьы ашәҟәы ианнаҵоит. Зегьы ирзеиҭаҳҳәоит аҽыԥхьакра арежим ишықәныҟәалатәу. Ауаа ахьнеиша аҭыԥқәа еиҿкаауп", - иҳәоит Гоов.

Уажәазы ақәҵара аҷыдарақәа, ауаа рыкрыфачара, рыԥхьарҭа ҭыԥ уҳәа ирылацәажәоит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь акоронавирус рымазар ҟалоит ҳәа ҩыџьа ауаа наргеит

"Асеиԥш аӡбра анудукыло атранспорт азҵаара ӡбатәуп. Ашоура змоу иаабац атранспорт ала иузымҩангом. Иазхәыцтәуп рыкрыфара-рыкрыжәра азҵаарагьы", - иҳәоит иара.

Мшаԥы 3 рзы атәыла асасааирҭақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи рҿы аҳәаанырцәынтә иаауа рзы 400 ҭыԥ рхиоуп.

Ииасыз амчыбжь азы Москвантәи иааз хҩык галаа Акультура аҩнаҿы еиҿкаау адкыларҭатә ҭыԥ ахь инарышьҭит.

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, хәажәкыра 25 раахыс ареспублика аҵакыра иалалахьеит 894–ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0