Атуроператорцәа иазгәарҭоит акурорттә сезон аан атуристцәа маҷхоит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурортқәеи атуризми рзы аилак адыррала, ареспубликаҿы 20 нызқь инарзынаԥшуа ауааԥсыра атуризм аусхк рнапы алакуп.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. 2020 шықәса акурорттә сезон аан ареспубликахь атуристцәа раара зеиԥшрахо азԥхьагәеиҭоит Акурортқәеи атуризми рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц. Абри атәы иара далацәажәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Уаанӡа Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа атәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит иаԥыху атурқәа рзы аԥарархынҳәра аҿҳәара инахарц.

"Аԥсшьаразы аԥара зшәаз ауаа рԥара 2022 шықәсазы ирыздырхынҳәуеит. Аԥсны ари аусхк аҟны акризис аҭыԥ аиухьеит. Иҟоу аинформациала, иахьатәи адыррақәа рыла атуристцәа раара акыр еиҵахоит", - иҳәоит Барцыц.

Лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы иззыԥшыз атуристцәа раара аганахьалагьы узеигәырӷьаша маҷуп. Барцыц иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы ареспубликахь иаауа мышктәи аныҟәаратә гәыԥқәа роуп, аха Урыстәыла асасааирҭақәа русура ԥхынгәы 1 азы ауп ианалаго. Ари Аԥсны ианыԥшуеит.

Набережная  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа туристтә бизнес аҭагылазаашьа ҷыда иқәныҟәоит

Атуризм аусхк абзоурала атәыла абиуџьет иалалоит 400 миллион мааҭ рҟынӡа. Ари ацифра акыр еиҵахар ҟалоит.

Акурортқәеи атуризми рзы аилак адыррала, ареспубликаҿы 20 нызқьҩык инарзынаԥшуа атуризм аусхк рнапы алакуп. Аԥара дырҳауеит. Хә-нызқьҩык рҟынӡа асасааирҭақәа, аԥсшьарҭаҩнқәа, апансионатқәа рҟны аус руеит.

"Ари ахыԥхьаӡарахь иацуҵар урҭ рҭаацәарақәа, иуҳәар ауеит атуризм ала рхы ныҟәыргоит 80 нызқьҩык рҟынӡа ауаа ҳәа", - иҳәеит Барцыц.

Акризис аиааира еиҳа имариахон Атуризм афонд еиҿкаазҭгьы ҳәа иԥхьаӡоит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0