Аветеринартә аԥҭекақәа рҿы ахәшәқәа рыҟамзаара аҭыԥ аиуит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВетеринар. Архивное фото.
Ветеринар. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса ааԥынразы апаҿақәа цәырҵуеит. Урҭ аԥстәқәа реиԥш ауаагьы аԥырхага рырҭар ауеит.

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Урыстәылантәи ахәшәқәа раагара амҽхак еиҳа иахьеиҵахаз иахҟьаны Аԥсны аԥстәқәа рзы ахәшәқәа рхыԥхьаӡара маҷхеит, ҷыдала апаҿа зшьуа ахәшәқәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.

"Сара абыржәыҵәҟьа хатә аԥҭекак аҟынтәи сааит. Уа исарҳәеит апаҿа зшьуа ахәшә шыҟам уи Урыстәылантә иахьаарымго азы. Амзыз жәдыруеит – акоронавирус. Авирус апроблема аҭыԥ ишықәҵахалак, ахәшәқәа рыпроблемагьы аҭыԥ иқәҵахоит", - иҳәеит иара.

Иара убри аан иазгәеиҭеит ареспубликаҿы аҳәынҭқарратә ветеринартә аԥҭека шыҟам, иҟоу зегь хатәқәоуп.

Иара иҳәеит ахәшәқәа рыҟамзаараан жәлартә методқәа ахархәара роур шауа.

Апаҿақәа авирустә енцефалит иахыҵхырҭахар ауеит иҳәеит Џьопуа, убри аан иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы ари ачымазара ареспубликаҿ ишазгәаҭам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0