Аԥсны аџьармыкьақәа русура аграфик шьақәырӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский рынок перед закрытием на карантин
Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра мшаԥы 20 инаркны аџьармыкьақәа раартра азин ҟарҵеит. Аџьармыкьақәа мчыбжьык аҩныҵҟа хымш аус рулоит.

Аусурамшқәа, аҭиҩцәа ашәарҭадара рықәныҟәара, ахәаахәҭратә обиектқәа рырзҩыдара уҳәа ртәы – Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Акоронавирустә инфекциа аҿагылараз иаԥҵоу аԥкыратә уснагӡатәқәа ррежим ыҟанаҵ аџьармыкьақәа русура мчыбжьык ахь хымш имҩаԥгахалоит. Убри аан аџьармыкьақәа рхадарақәеи араионқәа рхадарақәеи еилацәажәаны арҭ амшқәа алыркааит.

Аҟәа

Аҟәатәи аџьармыкьа хада аус ауеит ахәаша, асабша, амҽыша.

Сухумский рынок перед закрытием на карантин  - Sputnik Аҧсны
Афатә аалыҵ ахьырҭиуа аџьармыкьақәа мшаԥы 20 рынахыс иаадыртуеит

"Аҟәа асанитартә ҳақьым хада далархәны ақалақь ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы аӡбра рыдкылан аџьармыкьа хада аус ауразы иалкаазарц ахәаша, асабша, амҽыша. Ашәахьа инаркны аԥшьашанӡа санитартә мшқәаны ишьоуп", - иҳәеит аџьармыкьа адиректор Алхас Гәыргәлиа.

Аҟәатәи аџьармыкьа аадыртуеит ашьыжь асааҭ 6:00 рзы, аус ауеит асааҭ 16:00 рҟынӡа. Асааҭ 16:00- 19:00 аилыргаратә усурақәа мҩаԥысуеит, асааҭ 19:00 - арзҩыдара.

Гагра араион

Гагра аџьармыкьатә мшқәа ҳәа иалхуп: аҩаша, аԥшьаша, асабша. Убри аан ахәаахәҭыҩцәа ашәарҭадара азыԥхьагәарҭалароуп – асабардақәеи анапҭырԥақәеи ныҟәыргалароуп. Аџьармыкьа аҵакыра дырзҩыдоит.

Абарҭ амшқәа рзы аус ауеит Пицундатәи аџьармыкьагьы. Цандрыԥшьтәи аџьармыкьа аус ауеит аԥшьашеи амҽышеи.

Гагреи Гали араионқәа рҟны акоменданттә сааҭ аԥыхуп

Гәдоуҭа

Гәдоуҭа ақалақь аҿы усутә мшхоит ахәаша, асабша, амҽыша.

Араион ахада Руслан Ладариа иажәақәа рыла, аџьармыкьа ауаа рацәа еизнагоит. Хадара амоуп ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәара.

Гәдоуҭатәи аџьармыкьа аартра аҿҳәаранӡа аусура иалагар алшоит

Очамчыра

Очамчыратәи аџьармыкьа есыҽны аус аулоит. Араион ахада Геннади Ҵәыџьба ишиҳәаз ала ара ауаа маҷуп, аепидемиологиатә шәарҭара ыҟам.

"Очамчыра акарантин аамҭазгьы иаркын ҳәа узҳәом. 15-ҩык рҟынӡа аҭиҩцәа ааир ҟалон. Афатәаалыҵтә дәқьанқәа аус руан. Акоординациатә штаб аӡбра аднакылеит аџьармыкьа адмыркырц. Коронавирус алақәаразы ҳџьармыкьа шәарҭара аҵам", - иҳәеит иара.

Тҟәарчал, Гал

Тҟәарчали Гали аџьармыкьақәа аус руеит ахаша, ахәаша, амҽыша.

Амшаԥныҳәа аламҭалазы галаа аџьармыкьаҿы ахәаахәҭра азин рырҭеит

"Арегламент ҿыци уаанӡатәи ҳаграфики еиқәшәоит. Уаанӡагьы Гал аџьармыкьа хымш аус ауан", - ҳәа иҳәоит Гал араион ахада Омар Бганба.

Аџьармыкьақәа абас аус рулоит лаҵара 1 рҟынӡа. Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит иахьазы аџьармыкьақәа русура ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭанамыргыло.

Бганба Галтәи аџьармыкьа аусуразы: аԥҟара ҿыцқәа ирықәшәеит

"Аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵоит уаҳа авирус ареспубликахь аагара алмыршахарц. Аҭагылазаашьа хылаԥшра амоуп", - лҳәеит лара.

Иахьатәи аамҭазы ахәышәтәырҭа иҭоуп ҩыџьа ауааԥсыра акоронавирус рыманы. Руаӡәк хара имгакәа ахәышәтәырҭа дылырҩрааны дыҟоуп, егьи – COVID-19 ахәышәтәратә стандарт дахрыжьуеит.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0