Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иаԥну аџьармыкьаҿы амцакра ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПожарная служба МЧС Абхазии
Пожарная служба МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иаԥну аџьармыкьаҿы мшаԥы 29 ауха амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.

АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа иҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иаԥну аџьармыкьаҿы амцакра ҟалеит ҳәа.

"Амцакра иахҟьаны афатәҭирҭа алариокқәа ааба блит. Амца арцәара ҩ-сааҭки бжаки иадхалеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Абылра шыҟалаз азы амцарцәаҩцәа рахь адырра ҟарҵеит аҵх агәазы. Макьаназы абылра мзызны иамоу шьақәыргылам.

Амца дырцәон амцарцәаҩцәа гагратәи рыхәҭа агәыԥқәа ҩба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0