Лаҵара 1 инаркны Аҟәа атроллеибусқәа рныҟәара хацыркхоит

© Sputnik / Илона Хварцкия Троллейбусный парк
Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иӡбрала Аԥсны ауаажәларратә транспорт аусура иалагоит лаҵара 1 инаркны.

АҞӘА, мшаԥы  30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи атроллеибусқәа русура иалагоит лаҵара 1 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аҟәа ақалақь ахадара атроллеибустә усбарҭа" адиректор Ҭемыр Амҷба.

Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаараҿы ауаажәларратә транспорт аныҟәара аграфик шьақәдырӷәӷәеит

Иара иажәақәа рыла, атроллеибусқәа фба "Аџьармыкьа- Аҳабла ҿыц", хԥа – "Алашарбага-Ҭҳәыбын", ҩба - "Ажәытә ҳабла -Аџьармыкьа" ахырхарҭақәа рыла аусура иалагоит асааҭ 5:38 инаркны.

"Есыҽны аус ҳаулоит. Иҟалоит асааҭ 21:00 рҟынӡа аус рымуазаргьы, аха асааҭ 20:30 рҟынӡа аус рулоит. Есыуаха асанитартә рыцқьара мҩаԥаагалоит", - ҳәа иҳәоит иара.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб далархәны мшаԥы 29 рзы.

Уа иӡбан ауаажәларратә транспорт лаҵара 1 инаркны аусура иалагарц.

Ақалақьтә транспорт аус аулоит есыҽны, ақалақь иаԥну – аџьармыкьа аусура амқәа раан. Ақалақьбжьаратә транспорт аусура ԥкуп лаҵара 15 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0