Аҟәа аԥҳәыс дахьҭахаз амҩатә машәыр иалахәыз хышықәса иқәҵоуп

CC0 / / Судейский молоток и весы Фемиды
Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс жәабран 12 рзы Аҟәа ақалақь Адлеиба имҩаҿы аԥсҟы зкыз иҿаланы иаауаз ацәаҳәахьы диасын, ашьаҟауаҩ длысит, лара аҭыԥ аҟны лыԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҟны иҟалаз аԥсҭбара зцыз амҩатә машәыр иалахәыз Алхас Хәарцкьиа иганахьала ашьаусҭҵааразы Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.

"Алхас Хәарцкьиа ахара идҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 263, ахәҭа 3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы (ауаҩԥсы иԥсҭазаара иалҵра зылҵшәахаз амҩатә ԥҟарақәеи атранспорт ахархәареи реилагара), иагьиқәҵоуп хышықәса абахҭаҟны ахгара, иара убас атранспорттә хархәага хышықәса аныҟәцара азин имамзаара", - ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа асаит.

Адырраҭараҟны ишаарыцҳауа ала, "жәабран 12 рзы Алхас Хәарцкьиа амҩатә машәыр ихҟьеит - иҿаланы иаауаз ацәаҳәахьы диасын, ашьаҟауаҩ Џьынџьалԥҳа длысит, лара илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥ аҟны лыԥсҭазаара далҵит".

амҩатә машәыр - Sputnik Аҧсны
30 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны иҟалаз амҩатә машәырқәа рыстатистика ааргеит

Уаанӡа Аҟәа ақалақь апрокуратура адырра ҟанаҵахьан жәабран 12 рзы амҩатә машәыр аҟны дышҭахаз 1950 шықәсазы ииз Ельза Џьынџьалԥҳа.

Иаагоу Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахарадҵа адукаҭ дахашшаар ма апрокурор даҿагылар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиаҟны.

"Алхас Хәарцкьиа ахара идым ҳәа дыԥхьаӡазаауеит уи ихара шьақәырӷәӷәаны аӡбарҭа ахарадҵа азакәанымч аиуаанӡа", - аҳәоит аӡбарҭа адырраҭараҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0