Аслан Бжьаниа ҿыц Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аколлектив дыдирдырит

© Sputnik / Томас ТхайцукНазначение на пост главы администрации города Сухум Беслана Эшба
Назначение на пост главы администрации города Сухум Беслана Эшба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа иҟаҵаразы аусдҵа напы аҵаҩын мшаԥы 30 рзы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Кан Кәарҷиа.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ешба аколлектив дыдирдырит. Абри атәы аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Шәара ишыжәдыруа еиԥш, аусдҵақәа ҩба снапы рыҵазҩит: Кан Кәарҷиа инапынҵақәа рҟынтәи ихы иақәиҭтәрази Беслан Ешба ақалақь ахадас инапынҵақәа рынагӡарази. Сгәыӷуеит аколлектив аҿы иҟоу атрадициақәа еиқәханы еихаҳахап ҳәа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аколлектив даныдирдыруаз.

Аслан Бжьаниа иҳәеит аусура ԥхьаҟагьы ишацҵалатәу.

"Ахада ҿыц анапынҵақәа исҭоит. Урҭ ируакуп ҵыԥх аасҭа жәантә апальмақәа реиҳатәра. Убас - есышықәса", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Беслан Ешба ҭабуп ҳәа ахиҳәааит абри аҭыԥ аҟны игәра ганы дахьахадыргылаз. Иазгәеиҭеит актәи ашьаҿа — ақалақь ахадара аструктура ахәаԥшра шакәхо.

Ахада Ешба иирдырит ауаа алҵшәақәа ишырзыԥшу.

Бжьаниа Беслан Ешба иаҭаразы аусдҵа инапы аҵаиҩит мшаԥы 30 рзы.

Уаанӡа ақалақь ахада инапынҵақәа наигӡон Кан Кәарҷиа. Иара ари аҭыԥ деиҭеит усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба, 2019 шықәса жьҭаарамзазы. Лаҵара 1 азы иара, аколлектив абзиала ҳәа раҳәо, иазгәеҭеит арҭ амзқәа рыҩнуҵҟала аусура зылшо акоманда шеидкылаз.

Кан Кварчия  - Sputnik Аҧсны
Иҟаҳҵаз иаҵамхароуп: Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа абзиараз ҳәа реиҳәеит

Беслан Фиодор-иҧа Ешба диит 1967 шықәса ҧхынҷкәын 23 рзы.

1985 шықәсазы далгеит Н.А. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи Аҟәатәи абжьаратәи школ.

1992 шықәсазы далгеит Қырҭтәылатәи Ақыҭанхамҩа аинститут Аҟәа ақ. аҟны. Азанааҭ — анџьныр атехнолог.

1986 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа СССР Арбџьармчқәа рыҟны аррамаҵзура дахысуан.

1992-93 шықәсқәа рзы Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны Аҳәынҭқарратә Мчхара Иреиҳаӡоу Аусбарҭақәа рыхьчара амаҵзура аилазаараҟны дыҟан.

Аибашьрашьҭахьтәи ахҭысқәа раан Аҟәатәи абаталион акомандаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Кәыдрытәи аоперациаҟны 2008 шықәсазы 4-тәи Аҟәатәи Абригада акомандаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан.

1994 шықәса инаркны 1995 шықәсанӡа Аҧсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала напхгара аиҭон "Аҧсны Аиҭаира Афонд" Москва ақалақь аҟны, атәылахь агуманитартә цхыраара аагара инапы иалакын.

Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭоуп

1996 шықәса жәабранмза инаркны 1999 шықәса жәабранмзанӡа аекономикатә зҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада иабжьгаҩыс дыҟан.

1999 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа напхгара аиҭон Аҳәынҭеилахәыра "Аҧсныбылтәы".

2007 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа Абанк “Универсал Банк” ахеилак Ахантәаҩыс дыҟоуп.

2010 шықәса нанҳәамза инаркны 2011 шықәса цәыббрамзанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рхада ицхырааҩыс дыҟоуп.

2012 шықәса лаҵарамза инаркны 2013 шықәса мшаҧымзанӡа Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟоуп.

2013 шықәса мшаҧымза 30 рзы Аԥсны Ахада Иусҧҟала аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩыс даҭан.

2014 шықәса рашәарамзазы аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ имаҵура ааныжьразы арзаҳал иҩит.

2015 шықәса нанҳәамза 15 инаркны иахьа уажәраанӡа АУЕ "Аҧсадгьыл" напхгара азиуеит.

Аекономикатә ҵарадыррақәа дыркандидатуп.

Беслан Ешба дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара имоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0