Анқәаб аекономика аминистр ҿыц аколлектив дыдирдырит

© Foto / кабинет министров РАПремьер-министр представил коллективу Минэкономики нового руководителя
Премьер-министр представил коллективу Минэкономики нового руководителя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кристина Озган лаҵара 4 рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси аекономика аминистрси дҟаҵан, иахьа лара Москваҟа усутә визитла дцараны дыҟоуп.

АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аекономика аминистрра аколлектив дыдирдырит аминистр ҿыц Кристина Озган, абри атәы аарыцҳауеит аминистрра апресс-маҵзураҟны. Анқәаб иазгәеиҭеит Озганԥҳа аколлектив реиҳараҩык уаанӡатәи лусурала дшырдыруа.

"Апроблемақәа ҳаман, уажәы дара еиҳагьы ирацәахеит, убри азы аекономика аминистрра аусура аҵак ду амоуп. Сара ишәабжьызгоит шәусбарҭа аусура акырынтә еиӷьышәтәырц, убри алагьы ицәырҵуа апроблемақәа рхыԥхьаӡара акыр ишәырмаҷырц", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара убасгьы Анқәаб ирылеиҳәеит Кристина Озган иахьаҵәҟьа усутә визитла Москваҟа дышцо.

Кабинет министров - Sputnik Аҧсны
Кристина Озганԥҳа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси аекономика аминистрси дҟаҵоуп

Лара лыхәҭаахьала Озганԥҳа иазгәалҭеит аекономика аминистрра уаанӡатәи анапхгара имҩаԥнагоз аекономикатә система арҿыцразы русура ишацҵахо.

"Иахьа зегьы зҵаарас ирымоу акоуп - ҳазҭагылоу аамҭа цәгьазы амчрахь анеира зырҭахузеи ауаа ҳәа? Сара иааркьаҿны аҭак ҟасҵоит - аусуразы", - инаҵшьны иазгәалҭеит аминистр.

Аекономика аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ иусқәа назыгӡо Заур Гәлиа ари аусбарҭа уаанӡатәи ахада, иахьатәи аамҭазы Аԥсны анҭыҵ иҟоу Адгәыр Арӡынба ихьӡала аколлектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Кристина Озган ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит.

Кристина Озган аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси аекономика аминистрси дшыҟаҵоу еилкаахеит иацы, лаҵара 4 рзы. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Кристина Озганԥҳа лнысымҩа

Кристина Озганԥҳа диит цәыббра 30, 1973 шықәса рзы. 1996 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет далгеит, анаҩс акандидаттә диссертациа лыхьчеит Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Урыстәылатәи ракадемиаҿы.

 Кабмина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит

2000 - 2002 шш. –Аҟәа ахадара аекономикеи азыԥхьагәаҭареи русбарҭа аҟазауаҩ ԥхьагыла.

2002 - 2003 шш. – Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аекономикатә программақәа рыҟәша аиҳабы.

2003 – 2005 шш. – Аминистрцәа реилазаара аекономикатә ҟәша аиҳабы.

2005ш. – Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс, аекономика аминистрс дҟарҵеит.

2011 – 2014 шш. – Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2014 – 2017 шш. – ИАЕ "Апсны-ойл" адиректор хада.

2017 шықәса инаркны иахьанӡа ИАЕ "РН-Абхазия" адиректор хада.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥацәа лымоуп.

Абри аҭыԥ аҿы лара длыԥсахит Адгәыр Арӡынба, 2020 шықәсазтәи ахада иалхарқәа раан Аслан Бжьаниа иҵахаз.

 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0