Апроект "Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа" апандемиа иахҟьаны ишьақәхалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПроект "Тайны великой абхазской стены"
Проект Тайны великой абхазской стены - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа зегьы макьанагьы иаҳзаартым, аха аҵарауаа ақәгәыӷуеит урҭ раартра алыршахап ҳәа. Аҭҵаарадырратә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаарақәа ирылаган 2019 шықәса, рашәара 15 рзы. Аусурақәа х-етапкны имҩаԥысраны иҟоуп.

Апроект амҩаԥысшьеи уи акарантин шанырызи аҵарауаа "ирҵәахуеи" Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду - жәытә хыхьчагатә ргыламҭоуп. Иазыԥхьаӡоуп иара аурала адунеи аҿы ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит ҳәа, Китаитәии Горгантәии рышьҭахь.

архив - Sputnik Аҧсны
Амаӡақәа аартуп: археологцәа Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара актәи аетап хдыркәшеит

Аҵарауаа-археологцәа Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду абаашқәа рыҭҵаара иаҿуп асистема GPS ала. Апроект "Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду" анапхгаҩы Шандор Ҟаитан, Џьгьарда ақыҭани Чагьами аҭоурыхтә обиектқәа рыҭҵаара алагара азыԥхьагәеиҭон ааԥынра алагамҭаз аха уи арыцхә лаҵарамзахь иахыгоуп аҭагылазаашьа инамаданы.

"Атәылаҿ ԥкырақәак анаԥырх ашьҭахь ҳара ҳусура иацаҳҵарц ҳаӡбеит. Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿтәи ақыҭақәак рҟны ҳара иазгәаҳҭеит 50 бааш рҟынӡа, аха Кәыдра армарахьтәи аган аҟны иҟоу абаашқәа ҩба рахь ҳзымнеиӡеит амҩа ахьыӡхьоу, акыр иахьыҿҟьарроу, абабира алсра ахьыуадаҩу азы", - ҳәа иҳәеит Ҟаитан.

Арҭ аҩ-баашк аҵарауаҩ Иури Воронов иусумҭақәа рҟны иазгәаҭан 63-64 аномерқәа ҳәа. Аҭҵааҩцәа ирыгәҭакуп уахь Аҭарантәи амҩала инеирц мамзаргьы аҽа неирҭак рыԥшаарц.

Абри ашьҭахь ауп апрект актәи аетап ала аҭӡы абаашқәа асистема GPS иаҵаркны ианалго. Иҭырҵаахьоу аҭыԥқәа рҟны абаашқәа рацәоуп, даргьы цәгьамкәа еиқәханы иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.

Алик Габелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габелиа Иури Воронов изы: раԥхьаӡа Аԥсуа Баагәара ду шьапыла иахысыз иоуп

Апроект актәи аетап анцоз аамҭазы Ҟаитани иколлегацәеи ажрақәа мҩаԥыргон Очамчыреи Гали араионқәа рҿгьы. Иԥшаау артефактқәа аус рыдырулахьеит. Планла ажрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп Мархьаул ақыҭан.

Аартра ҿыцқәа, аԥшаах ҿыцқәа Аԥсуа ҭӡамц амаӡақәа реилкааразы аҽа шьаҿак ацнаҵоит, ихәарҭахоит ианыргылаз иззыргылаз аилкааразы. Аҵарауаа аҭыԥантәиқәа реиԥш аҳәаанырцәаагьы макьаназы гәаанагарақәоуп ирымоу, валашьа змам афактқәа макьаназ иԥшаам.

Анаука аганахь ала аинтерес зҵоу аԥшаахқәа аҵарауаа ирбеит Џьгьарда ақыҭан абааш № 123 аҟны. Ииасыз ашықәс, ҭагалан археологцәа ара ирбеит аметалл иалху ахыцхаҵақәа. Уаанӡа апроект аҿы уи аҩыза рымбацызт. Уи адагьы ирыԥшааит ахаҳәи акерамикеи ирылху аалыҵқәа. Арҭ аԥшаахқәа реиҳарак абжьаратә шәышықәсақәеи ихьшәоу абжьарашәышықәсеи ирыҵаркуеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ҟаитан игәаанагарала, иԥшаау ирылашәар алшоит еиҳа зышықәс ықәсхьоу артефактқәагьы.

© Sputnik / Бадри Есиава
Абхазская стена - Sputnik Аҧсны
1/4
© FotoФрагменты Великой абхазской стены
Фрагменты Великой абхазской стены - Sputnik Аҧсны
2/4
Фрагменты Великой абхазской стены
© Sputnik / Томас ТхайцукПроект "Тайны великой абхазской стены"
Проект Тайны великой абхазской стены - Sputnik Аҧсны
3/4
Проект "Тайны великой абхазской стены"
© Sputnik / Акоп Кущян
Абхазская стена - Sputnik Аҧсны
4/4
1/4
2/4
Фрагменты Великой абхазской стены
3/4
Проект "Тайны великой абхазской стены"
4/4

"Амаҷ-саҷқәагьы аҵакы рыманы иҟоуп. Урҭ анеидаҳкылалак ауп зинтерес ҳамоу азҵаарақәа рҭакқәагьы рыԥшаара аналшо. Абаашқәа ирҿырԥшны ацаҟьақәа, ахәқәа, аҿҟьаррақәа рыҟазаара акәзаргьы иудырдыруеит абаашқәа ара изыҟоу.

Апроект макьана ихыркәшам, аха аҭҵааҩцәа аҭӡы амаӡақәа рзы гәаанагарақәак рымоуп. Урҭ макьаназ рырзара аҭахны ибом Ҟаитан.

Акыр зқьышықәсақәа раԥхьа арҭ ахаҳәқәа иргәылаҵәахын "амаӡа". Уи аартразы аамҭа аҭахуп.

Аҭӡеибаркыра аура иашаҵәҟьа иахьагьы еилкаам. Уи адагьы иҟоуп аверсиақәа иара:

персиатәи, византиатәи, гыртәылатәи ахырхарҭаз иргылан ҳәа.

"Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа" – проект ҿыцуп, аԥсуа ҭоурыхдырцәеи археологцәеи ираԥшьгамҭоуп. Иахықәкы хадоу – аргылара арыцхә, иззыррргылаз ахықәкы, аҷыдарақәа рыҭҵаароуп.

Анаукатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵааратә усурақәа ирылаган 2019 шықәса, рашәара 15 рзы. Аусурақәа х-етапкны имҩаԥысраны иҟоуп.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит афонд "Амшра" афинанстә цхыраарала. Амаҵзура Sputnik официалтә информациатә партнерс апроект иазыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0