Саншьа илахьынҵа шеилкаахаз: Амброси Ҷежьиа иҭоурых

© Foto / предоставлено Элеонорой КогониаҶежьиа Амброси
Ҷежьиа  Амброси - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь Аԥснынтә еибашьра ицаз рахьтә аа-нызқьҩык рҟынӡа хабарда ибжьаӡит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланшьа Амброси Ҷежьиагьы. Ааигәа уи илахьынҵа шеилкаахаз атәы шәаԥхьа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.

Сынтәа 75 шықәса ҵуеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду еилгеижьҭеи. Ашкол ҳанҭаз ҳқыҭаҿы ари аныҳәа акыр инарҭбааны иазгәарҭон, имҩаԥыргон асахьаркыратә қәгыларақәа, аҽырыҩра, ампыл асра. Ҳқыҭа аветеранцәа уи аҽны рмедалқәеи рорденқәеи ргәы икыдҵан аныҳәахь инеиуан.

Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны
"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

Аветеранцәа еснагь ҳаҭыр рықәын, аха иалкааны бзазарак дара рзы иаԥҵан сызҳәом, анхаҩцәа зегь реиԥш, дарагьы адгьыл иқәаарыхуан, инамыцхәны рхы ӡырыргогьы сгәалашәом.

Ари аныҳәа аҽны сара сан еснагь ахьаа ду лыман, илнықәуаз, хабарда ибжьаӡыз лашьа Амброси иӡбахә аацәырылгон. Саншьцәа шьҭрала иагырқәан, сабду Самсон Ҷежьиа иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дааит, аха егьырҭ ихырҵәаны иааргаз реиԥш акәымкәа, адгьыл аахәаны, аԥсуаа ахьынхоз, Ахыуаа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы анхара далагеит. Аԥсуаа ирыланхон азы, сабду иҭаацәа зегьы аԥсшәа рҵеит, дунеихәаԥшышьалагьы иаԥсыуаахеит. Уи арҵабыргуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы саншьа иԥа Роман Ҷежьиа гәымшәарыла иеибашьра. Самсон ачеиџьыка змаз уаҩны дрыԥхьаӡон, уи дызгәалашәо кәтолаа иахьагьы иҟоуп. Сан лаб Самсон иман ԥшьҩык ахшара, хҩы ԥацәеи ӡӷабки. Аишьцәа руаӡәы Лавренти дышқәыԥшыз ачымазара иахҟьаны идунеи иԥсахит, аҩбатәи Амброси захьӡыз Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аан хабарда дыбжьаӡит.

Сара сызхаану, еиҵаҩҩы иҟаз, зчеиџьыкала заб иеиԥшыз Акакь Ҷежьиа иоуп. Ҳаншьцәа рахь ирлас-ырласны ҳцалон, дара ҭаацәара дуун, ианааилатәоз рашьцәа рыӡбахә цәырыргон. Еиҳаракгьы, ихьааргоз зхабар еилкаамыз Амброси иакәын.

Аибашьра ду иалагаанӡа, 1939 шықәсазы саншьа Амброси Ҷежьиа арра дыргеит. Ҳара ишаадыруа ала, Нхыҵ-Кавказтәи арратә округ аҿы дыҟан. Анаҩс 1941 шықәсазы аибашьра дыргеит уантәи. 1942 шықәсазы Кәтол иҭаацәа ироуит ашәҟәы "Амброси хабарда дыбжьаӡит" ҳәа. Сан лан Екатерина сара дысгәалашәонаҵы лашҭа дҭыҵны чарак ахьыҟоу днеиуа сымбацызт, дџьабон, амыцхәгьы дцәажәомызт. Сан лакәзар, лашьа дылнықәуан.

Абас ицон аамҭа. Ҳара ҳаибашьра анцоз сан лыҷқәыни лҭацеи Лаҭатәи атрагедиа иалаӡит, лара урҭ ртәы анылҳәоз хабарда ибжьаӡыз лашьа итәгьы аацәырылгон. Лара даҳәон ихабар аилкаара.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби

Саншьа Акакьи идунеи иԥсахит аибашьра ҟалаанӡа, сан жәшықәса раԥхьа иаанлыжьт ари адунеи, илнықәуаз лашьа ихабар лзымдырӡо. Саргьы сгәы иҵхон саншьа Амброси ихабар, асаитқәа сырҭаланы акыр сеимдон, аха хра злаз аинформациа смоуцызт.

Хышықәса раԥхьа ателехәаԥшраҿы дсықәшәеит Григори Скворцов. Сара издыруан иара амемориалтә-ҭоурыхтә проект "Ахьӡ архынҳәразы" еиҳабыс дшамаз, убри аҟынтә, саншьа сышишьҭоу иасҳәеит. Ахьышәҭҳәа уадак дныҩналан акомпиутер ааиртын, бзышьҭоу баншьа ихабар абар иахьыҟоу иҳәан, иааҭыган исиркит адокумент.

Саршанхеит аиашазы избаз ашәҟәы. Абар исоуз адырра иаҳәо: "Ҷежьиа Амброси Самсон-иԥа 1919 шықәсазы ииз, дрыҭҟәеит 25.07.1941 ш. Слуцк. Алагертә номер 1155. Илахьынҵа - алагерь аҿы дҭадырхеит 26.10.1942 ш. Раԥхьа анышә дахьамардаз Скробов. Польша".

© Foto / предоставлено Элеонорой КогониаҶежьиа Амброси дышҭахаз атәы зҳәоз ашәҟәы
Саншьа илахьынҵа шеилкаахаз: Амброси Ҷежьиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ҷежьиа Амброси дышҭахаз атәы зҳәоз ашәҟәы

Абасала, усҟан 23 шықәса ирҭагылаз Амброси цәгьаԥсышьа иҭаны дҭадырхеит аконцлагерь аҿы. Ари ажәабжь иаргәаҟуаз иҭынхацәа – иан, иаб, иашьа, иаҳәшьа рдунеи шырыԥсаххьазгьы, иара иҵкару зегь ираҳаз ргәы аарԥсасиит, избанзар зхабар ыҟам ҳаншьа ихьаа зегьы ирыман.

Кутарба Борис Камшишович - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аветеран Қәҭарба еиҭеиҳәеит аибашьра Ду аан арра маҵзура шихигоз

"Ахьӡ архынҳәра" захьӡу апроект абзоурала, ҳтәылаҿы злахьынҵа еилкаахаз маҷҩым, архивтә материалқәа агәакьацәа ԥшааны рызнагараҿы аџьабаа ду рбеит Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа астудентцәа. Урҭ волонтиор ҳасабла абри апроект анагӡараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.

Абасала, акыр шықәса цазаргьы, саншьа Амброси Ҷежьиа ихабар еилкаахеит, агәакьацәа рзы иԥсы ҭаны даазшәа иразҟуп. Саншьа иеиԥш, рыӡбахә еилкаахеит иара убас, 69-ҩык анемец концлагерқәа рҿы иҭадырхаз аибашьцәа "Ахьӡ архынҳәра" абзоурала. Издыруада, макьанагьы зхабар дырым шаҟаҩ ыҟоу, шаҟа бла ҭраа амҩаду ахь иԥшуа 75 шықәса раԥхьа еилгаз аибашьраҟынтә ихнымҳәыз ргәакьацәа ирызхьуа.

Хашҭра рықәымзааит Аиааира ду зхы ақәызҵаз. Ҽаанбзиала.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира иазку аҭыжьымҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0