Аканикулқәа ирылагеит: Аԥсны аҵарашықәс заанаҵ ихыркәшахоит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса
В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб лаҵара 13 рзы имҩаԥигеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб алахәылацәа злахәыз аилатәара.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аҵарашықәс хыркәшоуп ҳәа иԥхьаӡоуп 1-10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы иҳәеит Аԥсны аҵара аминистр иусқәа назыгӡо Адгәыр Какоба, арадио Sputnik аинтервиу анаиҭоз.

Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит

1-10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аиагаратә ԥышәарақәагьы аԥыхуп, 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәа заҵәык роуп аԥышәарақәа азҭо. Актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәа рдокументқәа рыдкылара иалагоит нанҳәамзазы.

"Акарантин анхыркәшахалак ашьҭахь ҩымчыбжьа ирылагӡаны 11-тәи аклассқәа рҵаҩцәеи латәарадатәи ашкол 12-тәи акласс аҵаҩцәеи рзы аушьҭратә ԥышәарақәа ҟалоит. 9-тәи акласс ашьҭахь абжьара-профессионалтә ҵараиурҭақәа ирҭалар зҭахугьы аттестат рыҭахоит, аха ус еиԥш иҟоу аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара маҷуп", - иҳәеит аминистр.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути рҿгьы алекциақәа ирылагаӡом. Урҭ роушьҭымҭацәа аԥышәарақәеи адипломтә усумҭақәа рыхьчареи рзымҩаԥыргоит.

Заседание штаба - Sputnik Аҧсны
Аҽыԥхьакраҿы иҟоу акурсантцәа алеишәа аилагаразы рҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит

"Иара убас ҳара иҳамоуп урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь аквотақәа рыла аҭаларазы абитуриентцәа рсиақәа. Урҭ аԥышәарақәа шырҭиша атәы ҳалацәажәоит. Урҭ раттестатқәа рҟны иану ахәшьарақәа рыла аҭаларахь иҳашьҭыр ҟалоит, аха арагьы иқәгылоит азҵаара, зыхәшьарақәа еиԥшхо абитуриентцәа ҟаларгьы ҟалоит. Абарҭқәа зегьы рҭыԥ рықәҵаразы иааиуа амчыбжь азы ҳаилацәажәоит", - иҳәеит Какоба.

Иара иазгәеиҭеит, аԥыза-министр Александр Анқәаб излаиӡбаз ала, ахәыҷбаҳчақәа русурагьы аанкылоуп рашәара 1 аҟынӡа ҳәа. Рашәара 1 азы акарантин аԥыххар, урҭ аусура иалагоит.

Аԥсны аҵара аминистр иусқәа назыгӡо иажәақәа рыла, Аҵара аминистрра аспециалистцәеи апрограммистцәеи адистанциатә ҵара аус адулара иаҿуп, уи аҵарашықәс ҿыц азы иаҭаххар иалагалазарц азы.

"Сара адистанциатә ҵара иаабац аҵара аԥсахуеит ҳәа изыԥхьаӡо среиуаӡам, аха уажәтәи аҭагылазаашьаҟны уи ахархәара алшар ҟалоит. Ҳара ҳаспециалистцәа ргәаанагарала ахәыҷқәа ибжьарыжьыз апрограмма хадырҭәаароуп. Наҟ-наҟ аканикулқәа раамҭагьы, иара убас асабшагьы ҳхы иаҳархәар ҟалоит рҵаратә программа ахарҭәааразы. Аха ари макьана иҵегьы иалацәажәатәуп, уи иазкны ақәҵара ҳадҳамкылаӡацт. Иҵегьы изыхцәажәатәу, изызхәыцтәу зҵаароуп", - иҳәеит иара.

Какоба иара убасгьы иазгәеиҭеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб ахаҭарнакцәа злахәыз аилатәараан адырра ҟаиҵеит ауалафахәы раԥхьаӡа иргыланы арҵаҩцәеи аҳақьымцәеи ишрызшәатәу.

Лаҵара 13 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирус зыхьыз 12-ҩык ыҟоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0