Зеиԥш ыҟамыз уаҩын: Владимир Қапба иколлегацәа ргәалашәараҿы

Анапаҵаҩра
Ауаажəлааратəи аҳəынҭқарратəи усзуҩ, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатəи аҩаӡара занашьоу, иналукааша ажурналист, апублицист Владимир Николаи-иҧа Қапба 72 шықəса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит. Иара гəыблыла дыргəаладыршəоит аус ицызуаз иколлегацәа, дыздыруаз ауаа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭа ииз Владимир Николаи-иԥа Қапба акыр шықəса инеиҧынкыланы Аԥсуа журналистика амаҵ азиуит, ихатəы шьҭагьы аанижьит. Ауаҩ хатəра, иналукаашаз ажурналист, ашəҟəыҩҩы, апублицист, Аԥсныи Асовет Еидгылеи Ажурналистцəа Реидгылақәа рлахəыла Владимир Қапба инапы иҵихуаз арҿиамҭақəа аԥсуа цəа рхан, ҳажəлар ирҿахəҳəаган, ажурналистикаҿы аҭыԥ ҷыда аанызкло аобиективтə ҟазшьа рныҧшуан. Уи ус шакəу шьақəдырӷəӷəоит иара дыздыруаз, аус ицызуаз ауаа.

"Владимир Қапба, зеиҧш ыҟамыз уаҩын, даҧсыуа иашаҵəҟьан. Аҵыхəтəантəи аамҭазы иареи сареи Аԥсны Ажурналистцəа Реидгылаҿы аус еицаҳуан, усҟан еиҳагьы ибзианы дыздырит. Напхгаҩык иаҳасаб ала даара иҵаураз уаҩын. Ахааназы игəы алаҟамкəа дҳамбацызт, есымша ачча иҿықəын",- ҳəа азгəеиҭоит Аԥсны Ажурналистцəа Реидгыла аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Зураб Аргəын.

Владимир Қапба 1970-тəи, 80-тəи ашықəсқəа рзы Аԥсуа радио аҟны корреспондентс аус иуан, анаҩс редактор еиҳабыс дыҟан. 1981 шықəса инаркны, усҟан "Аԥсны ҟаҧшь" захьӡыз агазеҭ аредақциа аҟны аусура далагеит, акультура аҟəша деиҳабын. Аԥсуа жəлар ркультура аӡыргара шьахəла иқəҿион, иҩымҭақəа ирызҿлымҳаз зегьы ажəабжьқəа нҭырҳəцааны ирызнеигон. Аус ицызуаз иҩызцəа пату рықəиҵон, аҿар ракəзар, ҷыдала дырзыҟан.

Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Қапба: агазеҭ "Аԥсны "аиҳабыреи ажәлари рыбжьара ацҳаржәҳәаҩра ауеит

"Владимир Қапбеи сареи Асовет аамҭазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаҧшь" аредақциаҿы аус еицаҳуан, иара акультура аҟəша напхгара аиҭон, даара иҟазаз уаҩын, аматериалқəа ирласны иҩуан, зегь рыла здунеихəаԥшыра ҭбааз журналистын. Дуаҩы аамысҭашəан, даԥсыуа хаҵан, ацəгьа-абзиа аҟны раԥхьа идыргылоз уаҩын, дҳалалын, дразын, ахаан ибжьы еиҵыхны аӡəгьы диацəажəаӡомызт, ианаҭахха аамҭазы ахаҵара ааирԥшуан", - иҳəоит Даур Инаԥшьба.

Агазеҭ "Аԥсны" аредақциа аусзуцəа изларҳəо ала, рколлектив ааха ҕəҕəа аиуит, дрыԥхеит рҩыза, рықəла, рнапхгаҩы Владимир Николаи-иԥа Қапба.

"Сара 20 шықəса ҵуеит агазеҭ "Аԥсны" аҟны аус суеижьҭеи. Раԥхьаӡа акəны уахь саннеи гəыблыла сыздызкылаз аиҳабацəа дыруаӡəкын Владимир Николаи-иԥа. Насып сымангьы схы сыԥхьаӡоит иара еиԥш иҟаз ауаа хатəрақəа аус ахьрыцызуаз. Агазеҭ "Аԥсны" редакторс даныҟаз аума, аҟəша еиҳабыс данамаз аума, абри ауаҩ аӡəы иакəымны диацəажəо смаҳацызт. Иагьа игəы ԥжəаргьы ачҳареи аҽынкылареи иман, иҿцəажəара хаан, илафҳəара цқьан. Аҿар мышкы-ҩымш ҳааимбар "сыӡӷабцəа шəабаҟаз?" - ҳəа ҳхы днагəӡуан, хəмаршақə ахьӡ ҷыдақəа анҳаиҭозгьы ыҟан", - лҳəеит Шьарида Торчуаԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы, Владимир Қапба раԥхьатəи амзақəа рзы агазеҭ "Аԥсны" арратə корреспондентс дыҟан, анаҩс иҷкəынзаҵə данҭаха, еибашьра дцоит. Аԥсадгьыл аҿаԥхьа иааирԥшыз ауалԥшьазы ианашьоуп "Агəымшəаразы амедал".

"Аибашьра аамҭазы имаҵзуратə уалԥшьақəа шынаигӡозгьы деибашьуан, дветерануп. Владимир Қапбеи Фируза Чамагəуаԥҳаи рыҷкəын заҵəы Ахбиук ахəыҳаракыраҿы ақырҭқəа зеихсны икарыжьыз аԥсуа десант зҭаз аверталиот дҭан, иара дырхыԥхьаӡалан зхабар ыҟамкəа ибжьаӡыз ҳаибашьцəа. Анаҩс, дахьжыз аҭыԥ ԥшаан, абас рыҷкəынзаҵə Аԥсадгьыл ахьчара ихы ақəиҵеит. Хҩык ахшара иман, ҩыџьа аԥҳацəеи аԥеи, иҟоуп имаҳəцəа, имаҭацəа",- иҳəеит Даур Инаҧшьба.

Феруза Капба - Sputnik Аҧсны
Чамагәуаԥҳа: сыхшыҩ, сымч ақәхартә иҟоуп сус, уи азы бзиа ибаны саҿуп

Владимир Қапба иуаажəлар бзиа ибон, дырзааигəан, еснагь ихы-иҿы ачча ықəын. Ҩныҵҟала имаз ахьаа иҵəахуан, аибашьра изаанагаз агəырҩа цəгьа инырԥшуамызт.

"Владимир Қапба акы игəы иалазаргьы аӡəгьы иирбаӡомызт, иҩызцəа иколлегацəа рзы узҿыԥшша аӡə иакəын. Ахааназы аӡəы ицəгьа иҳəо, мамзаргьы иҽеимкəа дихцəажəо сара исмаҳаӡацызт. Абзиара иҳəозар иҳəон, ацəгьара ахаан аӡəы изыҳəа иҳəомызт, аӡəы иара иҿы инаганы иҳəаргьы ицəымӷын, иҭахӡамызт. Ари даараӡа акраҵанакуеит ҳаамҭазы ҳəа сгəы иаанагоит", - ҳəа азгəеиҭоит Зураб Аргəын.

Арҿиара бзиа избоз, ԥсабарала уи злаз Владимир Қапба Аԥсны Ажурналистцəа Реидгыла напхгара азиухьан, иара убас акыр шықəса агазеҭ "Аԥсны" аредакциа еиҳабысгьы дыҟан. Илшамҭақəа рзы ианашьоуп аҳəынҭқарратə ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара.

Владимир Қапба игəалашəара лаша ҳажəлар ргəаҿы наӡаӡа иаанхоит, еизҳауа абиԥарақəа рзы дҿырԥшыганы даанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0