Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан

© Foto / из семейного архиваРауль Ласуриа
Рауль Ласуриа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Рауль Лашәриа диижьҭеи 75 шықәса ҵит. Уи ихаҭара, ибаҩхатәра, иҟазшьа аҷыдарақәа ртәы дазааҭгылоит алитератураҭҵааҩы, Рауль Лашәриа дааигәаны дыздыруаз, акыр шықәса аус ицзухьаз Руслан Қапба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥсабарала аҟыбаҩ змаз, аԥсуа жәлар рҿахәы зҳәоз, зҩымҭа лыԥшаахқәа рыла ҳмилаҭтә литература арҿиара хазырҭәаауаз аԥсуа поет нага, аиҭагаҩ ҟаза, апублицист Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа диит лаҵарамза 20, 1945 шықәса рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.

© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытәРауль Лашәриа
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа

Кәтолтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи англыз бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала. Аҵара дышҭаз, аԥшьбатәи акурс аҿы аҵара шиҵоз, Асовет Еидгыла аррамаҵзурахьы иԥхьеит, хышықәса амшынтә авиациаҿы аррамаҵзура дахысуан.

© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытәРауль Лашәриа амшынтә авиациаҿы аррамаҵура дахысуан
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа амшынтә авиациаҿы аррамаҵура дахысуан

1969 шықәса рзы иреиҳау аҵараиурҭаҿы иҵара хыркәшаны аусура далагоит алитература ахырхарҭала, Очамчыра араионтә газеҭ аҿы еиҭагаҩыс.

Анаҩс, ижурналистикатә рҿиара аҳәаақәа ирҭбаауеит, амилаҭтә республикатә газеҭ акультуреи аидеологиеи рыҟәша напхгара азиуан. Иара убас, Рауль Лашәриа 1978-1987-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы редактор хадас дыҟан, иара аԥҵан СССР иреиҳау амчратә убарҭақәа рыӡбара инақәыршәаны, Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз рџьабаа иалҵшәаны.

© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытәРауль Лашәриа Аԥсуа телехәаԥшра аартраан
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа Аԥсуа телехәаԥшра аартраан

Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵареи ашьақәыргылареи рҿы иааирԥшыз алагалазы Рауль Лашәриа 1978 шықәса рзы ианашьан Аԥснытәи АССР Аҳаҭыртә шәҟәы, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара.

© Foto / иҭаацәаратә архив аҟнытәРауль Лашәриеи ателехәаԥшраҿы аус ицызуаз иҩызцәеи
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриеи ателехәаԥшраҿы аус ицызуаз иҩызцәеи

Рауль Лашәриа дызнысыз иԥсҭазааратә ирҿиаратә мҩа акырӡа ихаҭәаауп, иҭбаауп. Еиҳагьы ирацәан дзыхьӡашаз, иҟаиҵашаз. Аԥсуа литератураҭҵааҩы, акритик, апублицист Руслан Қапба Рауль Лашәриа иқәыԥшра ашықәсқәа раахыс дидыруан, акыр шықәса уадак аҟны еидтәалан, гәыла-ԥсыла еизааигәан. Урҭ амшқәа ртәы игәаларшәауа, Руслан Қапба иазгәеиҭоит:

"Абаҩхатәра ду злаз, изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы ихҳәааны ажәа аҳәара акыр иуадаҩуп. Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа аҟазара ссир злаз поетҵәҟьан, убри инаҷыданы адырра ҵаула змаз уаҩын, иаԥхьахьаз уаҩын, амилаҭтә литература здыруаз, аклассикатә литература здыруаз, зхы аџьабаа азырбоз иакәын", - ҳәа азгәеиҭоит Руслан Қапба.

© Foto / из семейного архива Рауль Лашәриеи Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәеи
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриеи Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәеи

Алитератураҭҵааҩы Руслан Қапба иахьеиԥш игәалашәоит апоет қәыԥши иареи реибадырра шыҟалаз атәы. Усҟан Руслан Қапба аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы.

"Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, академик, апоет Мушьни Лашәриа диманы дааҩналеит арԥыск, ар рымшынтә маҭәа зшәыз, иԥшӡаӡа иҟаз, зхахәы еиқәаҵәаӡа абырфын еиԥш, еикәарҵәины иҟаз Рауль Лашәриа, иахьагьы сыбла дыхгылоуп. Мушьни ус иҳәеит: "Руслан, абри арԥыс ажәеинраалақәа зыҩуа Рауль Лашәриа иоуп, дпоетуп. Уажәы арра дыҟоуп, мшынуаҩуп, аха ажәеинраалақәа ҳзааигеит". Абас ауп Раули сареи ҳаибадырра шыҟалаз. Уаанӡа акык-ҩбак иажәеинраалақәа агазеҭқәа ирнылахьаз ыҟан, урҭ рыла дыздыруан Рауль Лашәриа ажеинраалақәа зыҩуаз апоетцәа ҿарацәа дышреиуаз, аха ас дааигәаны дсымбацызт", - ҳәа азгәеиҭеит Руслан Қапба.

© Foto / из семейного архива Рауль Лашәриа, Валери Дауҭиа, Енвер Ажьиба
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа, Валери Дауҭиа, Енвер Ажьиба

Аҵарауаҩ Руслан Қапба, Рауль Лашәриа изкыз ихәыцрақәа гәыблыла дырзааҭгыло апоет ихаҿсахьа ҭихуан, ихатәраз ауаҩы идунеихәаԥшышьа есааира ҳагәылаигалон.

"Амца иҿықәыхх, дыԥшӡаӡа, илақәа ҭыԥхо, агәыкреи, ахаареи, аҟәыӷареи рыҵаны, дыԥхашьа-ԥхаҵо дааины днатәеит, иажәеинраалақәагьы ҳаиҭеит. Ашьҭахь, аподборка ҳәа изышьҭаз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" адаҟьақәа ирнылеит. Иҵабыргыҵәҟьаны, адырра змаз, адырра иашьҭаз уаҩын", - иҳәеит Руслан Қапба.

Рауль Ӡыкәыр-иԥа акыр аҭакзыԥхықәроу амаҵзурақәа рҿы аус иухьан. СССР-и Аԥсныи рышәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәын, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анышьақәгыла инаркны лахәылас дыҟан. Акыр шықәса аус иухьан ажурнал "Алашара" аредақциа аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс, иара убас, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс.

© Foto / из семейного архива Рауль Лашәриа иҩызцәеи иареи
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа иҩызцәеи иареи

2000 шықәса инаркны, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс. 2003 шықәса инаркны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алитературатә фонд директорс даман. Убри аамҭа инаркны ажурнал "Аҟәа-Сухум-Аҟәа" аредакциа аҟәша напхгара азиуан, анаҩс агазеҭ "Еҵәаџьаа" аҟәша деиҳабын.

"Акьыԥхьи алитературеи ирыдҳәалаз аума, арадиои ателехәаԥшреи рҿоума, аредакциақәа рҿоума, аус акыр шықәса иуит. 20 шықәса инарзынаԥшуа иареи сареи кабинетк аҿы ҳаидтәалан. Саныҩналоз сара зныкгьы исымбеит акы дамыԥхьо, акы имыҩуа, акы даҿымкәа. Саныҩналалак, иацәажәара сҭахызаргьы, сицәыԥхашьон, избанзар ихы ақәырԥсны аус иуан, сиԥырхагахар сҭахымызт. Аха иара убраанӡа дуаҩы аамысҭашәан, уиацәажәаанӡа угәы иҭаз еиликаауан", - хәа азгәеиҭоит Қапба.

© Foto / из семейного архива Рауль Лашәриа, иҩызцәа-ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Витали Амаршьан, Инна Ҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Никәала Кәыҵниа, уб.егь.
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа, иҩызцәа-ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Витали Амаршьан, Инна Ҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Никәала Кәыҵниа, уб.егь.

Шьалуа Иналиԥа игәы инархьуа Қьаазым Агәмаа изкны статиак ахьиҩуаз иҳәахьан: "Аԥсуа литература уаназхәыцлак, ихьааумгарц залшом, абаҩхатәра змоу ҳашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рықәра иахьымӡакәа, рҿахәы рҳәаанӡа раџьал ахьырхыццакыз, убри ҳмилаҭтә литература акыр ианыԥшит", - ҳәа. Абри ахшыҩзцара еиҭарсны Рауль Лашәриа изуҳәар алшоит, игәҭакы наигӡаанӡа иаџьал ихыццакит.

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Касланӡиа Рауль Лашәриа изкны>>

Руслан Қапба игәалаиршәоит хҭыск, Рауль Лашәриа иҟазара зырҵабыргуа атәы.

"Аԥсуа кьыԥхь аџьабаа адызбалахьаз ауаҩы, ажурналист Борис Ҭыжәба Рауль диманы, Рафеҭ Маҳҭы-иԥа редакторс дыҟан усҟан, "Аԥсны ҟаԥшь" ахь днеигеит, аусурҭаҭыԥ ҳәа акрыҟазар. Иаразнак иаԥхьа иқәыз агазеҭ "Правда" ианыз материалк еиҭеигарц инаииҭеит. Дцан акьыԥхьҩы лҿы еиҭаганы иааигеит. Данаԥхьа, иара аҽныҵәҟьа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, аусура дидикылеит еиҭагаҩыс. Агазеҭ аҿы аматериал уадаҩқәа аныҟаз иара иеиԥш еиҭазгоз ауаҩы дмаҷын", - дҳацәажәон Қапба.

© Foto / из семейного архива Сергеи Агындиа, Рауль Лашәриа, Анатоли Лагәлаа, Енвер Ажьиба
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Сергеи Агындиа, Рауль Лашәриа, Анатоли Лагәлаа, Енвер Ажьиба

Аԥсуа литература иамаз агьама ҳаракы зныруаз, зхатә дунеихәаԥшышьа змаз, аԥсҭазаара ганрацәала иазнеиуаз иакәын Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа. Еснагь ихы-иҿы ачча ықәын, уаҩы игәы иалсуаз иҳәомызт, илаԥшҳәаа ахара инаӡон.

"Инна Ҳашԥҳаи сареи алитература аҟәшаҿы аус ҳуан, иара дҳарҭеит еиҳабыс. Дқәыԥшын, сара саасҭа акырӡа деиҵбын. Ларгьы саргьы ҳахәмаршәа, лафшәа: "Рауль Ӡыкәыр-иԥа, аматериал иҟаҵатәыз ҟаҳҵеит, абар иахьыҟоу, уажәшьҭа ԥсшьара ҳцоит", - ҳәа иаҳәара ҳалагеит. Мчыбжьык аарла ичҳаит, дҳахәаԥшуа ҿиҭуамызт. Аҵыхәтәаны, "Иҟоу жәдыруоу, аҩызцәа, шәара шәыхәмарны ишәҳәоит, аха убас ауп ишаҭаху официалла", - иҳәан, дааҳахәаԥшит илакҭақәа еихаччо. Ҳаргьы убри нахыс уа ҳаанкылт, аҳәара ҳаҟәыҵит", - игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Руслан Қапба.

© Foto / архив аҟнытәРауль Лашәриа иҭаацәеи иареи
Алитератураҭҵааҩы Қапба Рауль Лашәриа изы: адырра иашьҭаз уаҩын, илаԥшҳәаа харан - Sputnik Аҧсны
Рауль Лашәриа иҭаацәеи иареи

Алитератураҭҵааҩы Руслан Қапба игәы иаланы иҳәоит, абаҩхатәра змоу ҳашәҟәыҩҩцәа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу роума, зыԥсы ҭоу роума, ирызкны, ишахәҭоу еиԥш рырҿиамҭақәа ҭҵааны иахьҳамам. Иара излаиԥхьаӡо ала, Рауль Ӡыкәыр-иԥа иҩымҭақәа еидызкыло хаз шәҟәны иҭыжьтәуп.

"Ҳаԥсуа литератураҿы, ҳпоезиаҿы Рауль Ӡыкәыр-иԥа ибаҩхатәра зҳәо астатиақәа ыҟоуп, ааигәа иҳаԥхаз ҳҵарауаҩ ду Владимир Агрба иара изкны ииҩыз астатиа "Арҿиаҩи арҿиареи" ҳәа хыс измоу, аиашазы, монографиак аҟара аҵанакуеит. Убриаҟа ахә ҳаракны ишьоуп Рауль Лашәриа ипоезиа аԥсуа литератураҿы. Иарбан ҩымҭазаалакгьы иара цәырызго, иӡырызго, агхақәагьы убра иналаҵаны изҳәо аусумҭа еснагь иаҭахуп, уи алитература иацны ицо ҿиароуп. Рауль Ӡыкәыр-иԥа ирҿиамҭақәа ишахәҭоу еиԥш иҭҵаатәуп. Иара дпоетҵәҟьан, дфилософын, ихәыцуаз уаҩын, ус ажәеинраала шцәалаз иудигаломызт, иарбан цәаҳәазаалак ахшыҩҵак аҵан, иубоз акәымкәа, иумбозгьы аҳәо, уархәыцыртә, иара иимҳәазгьы уара иацуҵартә еиԥш иажәеинраалақәа ыҟоуп", - иҳәеит Руслан Қапба.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Рауль Лашәриа Мрагыларатәи афронт аҿы дыҟан, аполитика-агитациатә усқәа дрылахәын, урҭ зегьы хырхарҭас ирымаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ақырҭқәа рацәыхьчара акәын.

Ажәа иалху абаҟа еснагь абаҟақәа зегьы иреиҳауп. Рауль Ӡыкәыр-иԥа Лашәриа илиршеит ус еиԥш иҟаз абаҟа аргылара, ирҿиамҭақәа ҳажәлар рхы-ргәы аҟынӡа анагара, аԥхьаҩцәа рыбзиабара аԥсахара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0